Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҭодуа ақәыргыламҭа ҿыц "Брементәи амузыкантцәа" азы: аҭыԥ ҭацә ҳауӡом

Ҭодуа ақәыргыламҭа ҿыц "Брементәи амузыкантцәа" азы: аҭыԥ ҭацә ҳауӡом
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" асахьаркыратә напхгаҩы Гәдиса Ҭодуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аспектакль ҿыц "Брементәи амузыкантцәа" аус шадырулоз, ахәаԥшцәа иддырбо, иалахәу атәы.
Ақәыргыламҭа "Брементәи амузыкантцәа" Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асцена маҷ аҿы иддырбоит хәажәкыра 11-12 рзы ахәыҷтәы театртә студиа "Нарҭ" ааӡамҭацәа. Астудиа атеатр аҟны иаартуп 2018 шықәса раахыс.
Хәажәкыра 11 рзы иддырбоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа аԥсшәахь еиҭалгаз аспектакль, хәажәкыра 12 рзы - урыс бызшәала. Арежиссиор-ақәыргылаҩ - Гәдиса Ҭодуа, ахореограф - Мрана Воуԥҳа.
Абри еицырдыруа амультфильм аԥсышәала ахәмарра ҳгәы хыҭхыҭуа ҳазыԥшуп. Убасгьы иҳаӡбеит урысшәала ҳахәмарырц. Ақәыргыламҭа иалахәуп агәыԥ ҿыц. Ҳара урҭ ҳадаҳкылеит рашәарамзазы. Иааизакны 17-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп. Иахьа асааҭ 5 рзы Аԥсуа театр асценахь рцәырҵра ахәыҷқәа акыр иазыԥшуп. Абилеҭқәа зегьы аархәахьеит, аҭыԥ ҭацә ҳауӡом", - иҳәеит Ҭодуа.
Убасгьы иара еиҭеиҳәеит изанааҭтә ҩаӡара аизырҳаразы аҵара ахьиҵо, аспектакльқәа рҿы дшыхәмаруа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0