Аԥсны

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа рҿы аԥхьахәқәа ргеит

Шәачатәи аицлабрақәа ирылахәын 150-ҩык аспортсменцәа – Аԥсны, Москва, Твер, Хабаровск, Курск, Краснодар уҳәа рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа "Шахматеноки" "Черноморский дебют" рҿы аԥхьахәқәа ргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ашахмат азы афедерациа.
Аицлабрақәа рҿы рхы ԥыршәеит 6 - 13 шықәса зхыҵуа 33-ҩык ахәыҷқәа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Пицунда, Гагра ақалақьқәа рҟынтәи. Дара иргеит аԥхьахәқәа 16.
Аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ргеит Дамир Абанос, Руслан Мықәба, Дамир Ҳалуашь, Армен Топчиан, аӡӷабцәа рыбжьара - Александра Дбарԥҳа, Мелани Дбарԥҳа, Анна Ԥалаванӡиаԥҳа.
Аҩбатәи аҭыԥқәа ргеит рықәрақәа ишрыҵанакуа еиԥш Мартин Георгиани Арина Амҷԥҳаи.
Ахԥатәи аҭыԥ ргеит Давид Џьыкырба, Асҭан Ҭаниа, Кристиан Конџьариа, Георги Кәыҵниа, Алан Аҩӡба, Сариа Лакәаԥҳа, Нила Бганԥҳа.
1 / 4

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа рҿы

2 / 4

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа рҿы

3 / 4

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа рҿы

4 / 4

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа қәыԥшцәа Шәачатәи аицлабрақәа рҿы

Аиааира згаз иранаршьеит аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедалқәа, ахраҿақәа. Аихшьаалақәа рыла аицлабрақәа ирылахәыз аԥснытәи аспортсменцәа қәыԥшцәа аӡәырҩы рреитингқәа ирыцырҵеит, аразриадтә нормативқәа нарыгӡеит.
Аԥсны
Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Шәача аицлабрақәа рҿы амедалқәа ргеит