Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Шәача аицлабрақәа рҿы амедалқәа ргеит

© Foto / Альберт КарапетянЧемпионат по шахматам
Чемпионат по шахматам  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2023
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иазкыз ашахмат азы атурнир иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 30-ҩык аспортсменцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Хьтәы медалки, ҩ-раӡны медалки, џьазмедалки ргеит Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Шәача имҩаԥысуаз аицлабраҟны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи ахәҷы-қәыԥштә спорттә школ аҿы ашахмат азыҟаҵаҩ Альберт Карапетиан.
Аԥсны ахьӡала аицлабра иалахәын 7 инаркны 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз быжьҩык аҭыԥҳацәа. 13 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ркатегориаҿ актәи аҭыԥ аанылкылеит Сариа Лакәарԥҳа (Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ –Дариа Касан (Гагра), 11 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ркатегориаҿы актәи аҭыԥ лгеит Нила Бганԥҳа, иреиҵбацәаз рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ лгеит Софиа Шәлымԥҳа (Пицунда).
"Аҭыԥҳацәа рыла акоманда шышьақәгылазгьы аиааира иазықәԥон. Аӡәы иҵахарц рҭахымызт. Иаиааиз ироуит амедалқәа, ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа", - иҳәеит Карапетиан.
Атурнир адисциплина "блиц" ала имҩаԥысуан. Партиак иазоужьын х-минуҭк. Ари аформат аԥсуа шахматасҩцәа рзы маҷк итәымуп. Карапетиан иҳәеит ус шакәызгьы быжьҩык рҟынтәи ԥшьҩык аҭыԥҳацәа амедалқәа шыргаз.
"Иуадаҩу дисциплиноуп. Аамҭа маҷны иазоужьуп. Оумашәа избеит ҳаӡӷабцәа "блиц" аҿтәи рлҵшәақәа. Сгәы иахәоит", - иҳәеит Карапетиан.
Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа иазкыз ашахмат азы атурнир иалахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 30-ҩык аспортсменцәа.
Турнир по шахматам, приуроченный ко Дню Защитника Отечества, прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Аԥсны
Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа рымш инамаданы, Аҟәа имҩаԥысит ашахмат азы аицлабра
Ажәабжьқәа зегьы
0