Аԥсны

Ешба: Аԥсны ианаало аинвесторцәа адԥхьаланы ааглыхра ҳарҿиалароуп

Аҟәа ахада Беслан Ешба зхадараҿы дыҟаз аделегациа усутә ныҟәарала Казань иаҭаан иҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны ахырхарҭа иақәшәо аинвесторцәа адԥхьаланы ааглыхра арҿиалароуп иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
Казань ақалақь Анагӡаратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ильдар Шакирови Беслан Ешбеи реиԥылараан Аҟәа ахада иҳәеит аекономика шырҿиалатәу хырхарҭак, иаҳҳәап атуризм мацара уахьыԥшны акәымкәа.

"Аԥсны ахырхарҭа иақәшәо, зус здыруа аинвесторцәа адԥхьаланы ааглыхра арҿиалароуп. Атуризм аганахьала зегь еилкаауп. Иҟоуп иалкаау атуристтә ҵакырақәа – Гагра, Пицунда, Аҟәа. Атуристцәа шаҟа ҳзаауа ҳахәаԥшуазар, урҭ рхыԥхьаӡара ҳзышьҭымхуа аҟынӡа ҳнеихьеит. Уажәшьҭарнахыс ахыԥхьаӡара аизырҳара акәымкәа амаҵзуратә хаҭабзиарахь ҳаиасыроуп. Ааглыхра арҿиара нап алаҳкыроуп. Абри аганахьала адгылара ҳашәҭозар, аусеицура ҳазыхиоуп", - иҳәеит Ешба.

Аҟәа ахада иҳәеит ишазырхиоу аиқәшаҳаҭра – урыстәылатәи аинвесторцәа рганахьала ахәдықәҵарақәа шьақәзырӷәӷәо.
Ешба иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи хышықәса рзы Аҟәа абиуџьет миллиардки бжаки ишьҭыҵит, есышықәсатәи аизҳара 120 процент инаӡоит.
Аԥсны
Аҟәеи Казани рыбжьара аиашьараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп