Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәеи Казани рыбжьара аиашьараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп

© Foto / официальный сайт Администрации города СухумСухум и Казань подписали соглашение о побратимстве
Сухум и Казань подписали соглашение о побратимстве - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Анапаҵаҩра
Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ақалақь ахадара аделегациа усутә ныҟәарыла Казань иҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аҟәеи Казани рыбжьара аиашьараз аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аҟәа ахада Беслан Ешбеи Казан ахада Ильсур Метшини.
Аусеицураз аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит:
аекономикатә еимадарақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи;
ахатәтәратә формақәа зегьы реиҿкаарақәа, рнаплакқәа, русбараҭқәа реинырра;
акультура, аҿартә политика, аҵара, абаҩрҵәыра, аспорт русхкқәа рҟны аусеицура арӷәӷәара;
ааглыхреи аргылареи русхк аҟны аусеицура арҿиара;
анаплакқәеи атуризми рырҿиара;
ҳаамҭазтәи аинформациатә технологиақәа раларҵәара аусхк аҟны аусеицура;
архитектуреи ақалақьргылареи русхк аҟны аԥышәа аимдареи аусеицуреи.
Аҟәа раԥхьатәи аиашьа-қалақь ҳәа аӡбахә ҳәан шотландиатәи Килмарнок 1988 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0