ГӘДОУҬА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь ашколқәа рҵаҩцәа 222 цәашьы адыркит 1993 шықәсазтәи Марттәи ажәыларатә операциаан иҭахаз ргәалашәаразы, абри атәы ааицҳаит Sputnik акорреспондент.
Ашколхәыҷқәа ацәашьқәа кны Афырхацәа рымҩаду аҿы игылоу Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рбаҟахьы инеит ақалақь зегьы иалсны.
Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа ишиҳәаз ала, ари акциа акоронавирус апандемиа аахыс раԥхьаӡа имҩаԥыргоит.
"Иахьатәи аусмҩаԥгатә еиҿкаауп араиоон ахадареи, акультуреи аҵареи рыҟәшақәа реидгыларала. Уи иалахәуп ақалақь ашколқәа хәба рырҵаҩцәеи рҵаҩцәеи – зынӡа имҩасит 222-ҩык ашколхәыҷқәа. Ҳара аиԥш зеиԥшу акциа апандемиа ҟалаанӡа ҩышықәса имҩаԥаагахьан", - иҳәеит иара.
Ҳаразиа иазгәеиҭеит ашколқәа рҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иазку акласстә сааҭқәа лассы-лассы ишымҩаԥырго, аветеранцәа ишырԥыло.
"Ҷыдала иаҳҳәозар, Марттәи ажәылара атәы рзеиҭарҳәоит, уи ҵакыс иамаз, амҩаԥгара заҭахыз, ишхыркәшахаз атәы. Аиааира амш аҟынӡа иазгәаҭан иҳамоуп ахәыҷқәа наганы лабҿаба иахьырбаша аибашьра аҭоурыхтә ҭыԥқәа. Уажәааигәа КБРЦ ахьгьы иганы аветеранцәа раҳарцәажәеит", - иҳәеит Ҳаразиа.
Иара адырра ҟаиҵеит аԥшьаша ххәажәкыра 16 асааҭ 16:00 рзы Гәдоуҭа Марттәи ажәыларатә операциа иазку амитинг шымҩаԥгахо. Уи аиҳабацәа рыдагьы иалахәхоит гәдоуҭатәи ашколқәа зегьы, урҭ абаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵоит, аибашьра иазку ажәеинраалақәа ирыԥхьоит.
1993 шықәса хәажәкыра 15-16 рзы аԥсуа ар Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара иалагеит, аха уи ахықәкы анагӡара залыршамхеит. Марттәи ажәыларатә операциаан иҭахеит 222-ҩык аибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.