Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" ддырбеит Аԥсуа драматә театр аҿы

© SputnikПремьера спектакля Мадины Аргун «Гумистинская Баллада»
Премьера спектакля Мадины Аргун «Гумистинская Баллада»  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Анапаҵаҩра
Марттәи ажәыларатә операциа - 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан реиҳа ишьаарҵәырахаз ахҭысқәа иреиуоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба ипиеса иалхны иқәлыргылаз аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" ддырбеит Аԥсуа драматә театр аҿы Аԥсуа ар Марттәи ажәыларатә операциа иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра иагәаларшәаганы.
Аспектакль иҟалаҵәҟьаз аҭоурых еиҭанаҳәоит. Уи иаанарԥшуа ахҭысқәа ҟалеит 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 руха, Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳаибашьцәа Гәымсҭатәи афронт ажәылара ианалага.
Аԥсуа ар ирылшеит аӷа актәи ихырӷәӷәарҭатә цәаҳәа иахысны Гәымсҭа аӡиас арра.
Аха ақырҭцәа артиллериа рыцырхырааны бааԥсыла ихысуа иалагеит, ҳаибашьцәа рашьҭахь ирыцхраарц иааиуаз аҩбатәи аешалон шьаҿак ԥхьаҟа ирзыҟамҵо аҭагылазаашьа рзаԥырҵеит. Убас, ажәыларатә операциа ԥхьаҟа аҿиара амоуит.
Ақәыргыламҭаҿы еиҭахәоуп "Аҩны иаҵәа" ҳәа изышьҭаз араион аҟынӡа инеиз, ацхыраара иазыԥшыз ажәыларатә гәыԥқәа руак алахьынҵа. Уи иалаз аибашьцәа хаха-хымш хамеигӡарада еибашьуан, аха шьҭахьҟа шәхьаҵроуп ҳәа адҵа роуит.
Аспектакль афырхацәа руаӡәк Манча ихьӡуп, иара ажәылараан дҭахоит - аҳақьымцәа иԥсы рзеиқәмырхеит иоуз ахәрақәа рхәышәтәыртә иаҭахыз ахәшәқәа ахьрымамыз иахҟьаны.
Манча бзиа дибон Мадина захьӡыз аҭыԥҳа, лара аӷа инапаҿы иҟаз Аҟәа ақалақь далаханы дыҟан. Иара дықәхьан Мадина дыԥшааны дшеиқәирхо ҳәа, аха иажәа анагӡара илахьынҵа иаламзаарын. Иԥсы анихыҵуаз, иара амедиаҳәашьа длыҳәеит аԥҳәызба дыԥшааны аҭамзаара шышьҭеиҵо лалҳәарц.
1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт аҿы Аҟәа ахақәиҭтәразы мҽхакы ҭбаалатәи ажәылара иалагеит. 1993 шықәса хәажәкыра 15-16 руха, Аҟәа ахақәиҭтәразы ҳаибашьцәа ажәылара ианалага. Марттәи ажәыларатә операциа - реиҳа ишьаарҵәырахаз ахҭысқәа иреиуоуп.
Амотохысратә архәҭақәа рыҽшаны Гәымсҭа аӡиас ладеи ҩадеи ирны, убри аан аҳауеи амшын рҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ихырӷәӷәарҭақәа актәи рцәаҳәа ԥжәаны, наҟ-наҟ аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра иацырҵар акәын.
Аха ари аоперациа ахықәкы аҵыхәтәанынӡа ирзынамыгӡеит. Аиҿахысра ӷәӷәақәа аныҟала, ацәыӡ ӷәӷәақәа зауз аԥсуа еибашьцәа шьҭахьҟа уаанӡа иахьтәаз апозициақәа рахь ихынҳәыр акәхеит.
Посвященная Мартовскому наступлению фотовыставка открылась в Драмтеатре - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Аԥсны
Марттәи ажәылара иазку афотоцәыргақәҵа аадыртит Аԥсуа драматә театр аҿы
Ажәабжьқәа зегьы
0