Ахьаа ду зцу амшқәа: Гәдоуҭа марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит

1993 шықәсазы аԥсуа ар имҩаԥыргаз марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра инамаданы, Гәдоуҭа араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, анацәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыхьӡала ақалақь агәаны игылоу абаҟа амҵан.
Sputnik
1993 шықәса хәажәкыра 15-16 руха, Аԥсны Арбџьармчқәа Гәымсҭатәи афронт аҿы Аҟәа ахақәиҭтәразы мҽхакы ҭбаалатәи ажәылара мҩаԥыргеит. Усҟан амчқәа реиҟарамра иахҟьаны аԥсуа еибашьцәа хьаҵыр акәхеит, аха ари ажәылара анаҩстәи аиааира иахыҵхырҭахеит.
Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩы аибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит, шәҩыла ахәрақәа роуит.