Аԥсны

Аминистрцәа реилазаараҿ абиуџьет ахарџь ала еиҭашьақәдыргылаз аргыларақәа ирылацәажәеит

Аҟәа, Тҟәарчал, ареспублика Мрагыларатәи ахәҭеи рҟны еиҭашьақәыргылатәу аргыларақәеи акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәеи ртәы ирылацәажәеит Аԥыза-министри Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахадеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахада Ҭемыр Агрбеи Аҟәа, Тҟәарчал, ареспублика Мрагыларатәи ахәҭеи рҟны еиҭашьақәдаргыло арратәи асоциалтәи ргыларақәеи акурорттә сезон аҽазыҟаҵарақәеи рызҵаарақәа ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Агрба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы уаанӡа излагахьаз аусурақәа хыркәшахоит, Пицундатәи ахәыҷбаҳчагьы налаҵаны.

Иара убасгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит Очамчыра араион Лабра ақыҭантәи ацҳаи, Ҷлоу ақыҭантәи Акультура аҩни рыҟны.
Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭани Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ ақыҭани ацҳақәа ирҿуп.
Аԥсны
Аҟәатәи авокзал аҵакыраҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит
Агрба иара убасгьы иҳәеит Аӡҩыбжьа, Ԥақәашь, Кәтол ақыҭақәа рҿы афельдшер-акушертә ҭыԥқәа рыргылара ишаҿу, Тҟәарчал аҩнеихагылақәа ҩба рхыбқәа рыԥсахра иалагараны ишыҟоу, Кәыдри Ԥсоуи рҟәарақәа шдырӷәӷәо, Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿ аҳазалхартә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара ишаҿу.
Агрба иазгәеиҭеит Аҟәатәи амемориалтә пантеон аҿы аусурақәа ахыркәшарахь ишнеиуа.
Александр Анқәаб Агрба дазхьеирԥшит аусурақәа рхаҭабзиареи рыҿҳәарақәеи хра шрыҭатәу, акурорттә сезон аламҭалаз амҩа иаԥну аинфраструктура аҭыԥ ишықәҵатәу.
Аԥсны
Ахәыҷбаҳчақәа ҩба аусура иалагоит Гагра араион аҿы 2023 шықәса анҵәамҭазы