Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи авокзал аҵакыраҟны арҽеиратә усурақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Акоп КущянСухумский железнодорожный вокзал
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра ргылан асовет аамҭазы, уи аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Ашықәс иалагӡаны бжьаратәла авокзал иаднакылоит 300 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьыр.
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра агәамсам аҟынтәи арыцқьара иаҿуп, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит авокзал аиҳабы ин.н. Алиас Габуниа.
"Анаҩс ахыбра аҿаԥшыларатә хәҭахьы ҳаиасуеит- аԥақәеи аиқәаҵәареи рҟынтәи иҳаӡәӡәоит. Иара убас иану анбанқәа ҳрыцқьоит, арлашагақәа аҭахоит". - иҳәеит иара.
Уи адагьы аҳҭнықалақь иатәу АУУ "Аиқәыршәара" аҵакыра дрыцқьоит, ачықьрақәа хдырҿҿоит.
"Излауа ала аихамҩатә вокзал аҿаԥшылара арҽеира ҳгәы иҭоуп. Алшара ҳаур араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаҳгоит", - иҳәеит Габуниа.
Габуниа иажәақәа рыла, ахыбра ақәа кылсуеит, уи аҭыԥқәа рҟны арҽеиратә усурақәа иаҿуп.
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2016
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал: иаци иахьеи
"Ахыбра аӡы ҩнамларц ахыб ҳарҽеиуеит. Ҳаԥхьаҟа авокзал ашьақәыргыларазы алшара ӷәӷәа аҭаххоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҟны аусурақәа мҩаԥыргоит "Аԥсны аихамҩа" ахарџь ала. Аусурақәа хыркәшахоит ҳазҭоу ашықәс цәыббра 30-нӡа.
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы. Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп. Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Ақьафурҭа адашьма амҿеиваԥса ықәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха аҭан. Усҟан адәыӷбақәа рныҟәара зынӡа иаанкылахеит, ахыбра ахаҭа аӷацәа абџьарҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит. Ҩаԥхьа авокзал аусура хацыркын 2004 шықәсазы.
Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.06.2022
Аблакыреи аилабгареи: Аҟәатәи аихамҩатә вокзал
Ажәабжьқәа зегьы
0