1993 шықәса хәажәкыра 15 - 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рҽазыршәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра. Ажәылара адҵаҟаҵаҩыс даман аинрал Сергеи Дбар. Аԥсуа еибашьцәа хаха-хымш рнаҩс ахымца иаҵагыланы ихьаҵыр акәхеит. Усҟан иҭахеит 222-ҩы, хабарда ибжьаӡит 23-ҩык.
"Абри аибашьра шықәсыки мызки инацны иахьынӡацоз урҭ амшқәа иҟалап иаҳа ихьанҭаз ракәны иаанхазар. Гәдоуҭа Акультура аҩнаҟны аизара мҩаԥыргеит. Убасҟан исгәалашәоит аԥхәыс Шьушьана Хьециа лажәақәа "ҳаҷкәынцәа иҭахаз рыдгьыл аҟны иҟоуп" ҳәа. Ҳажәлар абасҟак ахьаа ду шрымазгьы, имӷьо ахәрақәа ргәы ишанызгьы, иаадырԥшит рхы ишақәгәыӷуаз. Ари аҵак ду аман… ҳмилаҭ ари иаҳа еиднакылазшәа збоит", - иҳәеит Арџьениа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудио аҟны хыхь.