Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҿы украинатәи анапхгараҭаратә ҭыԥ ҭадырхеит

Аусбарҭа адыррала аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 186 раион рҿы иҭадырхеит 93 артиллериатә ҟәшақәеи, аруааи атехникеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аиланхарҭа Камышевка аҿы 59-тәи украинатәи амотошьаҟауаа рыбригада анапхгараҭаратә ҭыԥ ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рнаҩс иҭархоуп ЗРК "С-300", ЗРК "Оса-АКМ", арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50.
Урыстәылатәи аҳаирпланшәарыцақәа Лугансктәи Жәлар Рреспублика ажәҩан аҟны икарыжьит украинатәи аибашьыга ҳаирплан МиГ-29 , Урыстәылатәи ПВО уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа икарыжьит аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, "Ураган" рреактивтә хгәыцәқәа, арадиолокациаҿагыларатә ракета HARM, украинатәи адронқәа жәба.
Купиансктәи ахырхарҭаҟны иҭархоуп: 50-ҩык украинатәи аибашьцәа, ҩ-автомашьынак, артиллериатә система М777; Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы – 100-ҩык УАС асолдаҭцәа, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, акәылӡмашьынақәа ҩба, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Акациа", агаубица Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿ иҭархоуп 275-ҩык аибашьцәа, ҩ-танкк, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-пикапк, РСЗО "Ураган", агаубица Д-20, агаубица "Гвоздика", артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin".
Алада –Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 60-ҩык аибашьцәа, атанкқәа ԥшьба, акәылӡмашьына, агаубица Д-20, артиллериатә система М777; Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп – 35-ҩык украинатәи аибашьцәа, атанк, РСЗО "Град", агаубица Д-30.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: аоперациа ҷыда аҿы аиааира агаразы, ауаажәларра реидкылара аҭахуп