Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы даараӡа игәы шазыбылуа азгәеиҭеит Ҷкотуа, уи аԥҵаразы ажәалагала ихәҭаа алоуп.
"Гагра ахы ианақәиҭтәха анаҩс, хара имгакәа Аԥсны шҭаҳарцәуа, амала ишҭаҳарцәыз еиԥш ишнымхуа ҳазхәыцуа ҳалагеит. Уи азы ҳажәлар аагатәын, иҭаҳарцәыз адгьылқәа ҳара хдацԥашә аларстәын азы ҳахшыҩ хәыҷы ала схема хәыҷык ҟаҵаны, аҩыра аурысшәахь еиҭаганы сюызцщеи сареи Владислав Арӡынба иаԥхьа инаганы иқәаҳҵеит. Аиаша шәҭахызар, сыҷкәынра иахҟьаны уи аҩыза сгәаӷьит акәымзар, иахьазы исзымгәаӷьыргьы ҟалон, аха иара (ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба - азгәаҭа) иаразнак ани амаҷ дахәаԥшит, дазхәыцит, аус ду алыихит", - иҳәеит Ҷкотуа.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥнагаз аус, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иалнаршараны иҟаз, аха иазынанамгӡаз, шьҭа иамоу аԥышәа ҳасаб азуны азҵаара аӡбра ишалагатәыз ҳәа далацәажәо, Ҷкотуа иазгәеиҭеит иахьа акәызҭгьы, ауаа ааганы рнырхара иалагаанӡа раԥхьа инаргыланы Аԥсны инхои зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаауеи хдыррала разыҟаҵара шаҭаху.
"…Азыҟаҵара анысҳәо амилаҭтә хдырра аганахьала разыҟаҵара, Аԥсны аганахьала разыҟаҵара, араҟа анхара разыҟаҵара. Абарҭ анынасыгӡалак аамышьҭахь акәын рнырхара саналагоз. Ахдырра аганахьала азыҟаҵара аԥхьа исыргыло салагеит иахьа", - иҳәеит Ҷкотуа.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуаз аԥсуааи Аԥсны инхози реиларҵәара аус ишахәҭаз анагӡара шзалмаршамхаз.
Еилаҵәаны, еиларсны инҳархазҭгьы аханатә аибабара ацәқәырԥа аҽарҭбаауан, уи нахыс ҳара иҳалымшогьы иара аҭагылазаашьа ахала иалнаршон", - ҳәа азгәеиҭеит Октаи Ҷкотуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.