https://sputnik-abkhazia.info/20230317/kotua-arepatriatsiazy-auaa-aagany-rnyrkhara-akha-akhdyrra-azyaara-rgylatup-1044677287.html
Ҷкотуа арепатриациазы: ауаа ааганы рнырхара аԥхьа ахдырра азыҟаҵара ргылатәуп
Ҷкотуа арепатриациазы: ауаа ааганы рнырхара аԥхьа ахдырра азыҟаҵара ргылатәуп
Sputnik Аҧсны
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит хәажәкырамза 23 рзы. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа иҟаҵаз, иззыԥшыз алҵшәа залыршамхаз азы... 17.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-17T11:51+0300
2023-03-17T11:51+0300
2023-03-17T12:42+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044677770_0:0:3073:1728_1920x0_80_0_0_ffe353fdf1a4cbea4cd4bdf47dedf059.jpg
Ҷкотуа арепатриациазы: ауаа ааганы рнырхара аԥхьа ахдырра азыҟаҵара аԥхьа иргылатәын
Sputnik Аҧсны
Ҷкотуа арепатриациазы: ауаа ааганы рнырхара аԥхьа ахдырра азыҟаҵара аԥхьа иргылатәын
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы даараӡа игәы шазыбылуа азгәеиҭеит Ҷкотуа, уи аԥҵаразы ажәалагала ихәҭаа алоуп."Гагра ахы ианақәиҭтәха анаҩс, хара имгакәа Аԥсны шҭаҳарцәуа, амала ишҭаҳарцәыз еиԥш ишнымхуа ҳазхәыцуа ҳалагеит. Уи азы ҳажәлар аагатәын, иҭаҳарцәыз адгьылқәа ҳара хдацԥашә аларстәын азы ҳахшыҩ хәыҷы ала схема хәыҷык ҟаҵаны, аҩыра аурысшәахь еиҭаганы сюызцщеи сареи Владислав Арӡынба иаԥхьа инаганы иқәаҳҵеит. Аиаша шәҭахызар, сыҷкәынра иахҟьаны уи аҩыза сгәаӷьит акәымзар, иахьазы исзымгәаӷьыргьы ҟалон, аха иара (ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба - азгәаҭа) иаразнак ани амаҷ дахәаԥшит, дазхәыцит, аус ду алыихит", - иҳәеит Ҷкотуа.Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥнагаз аус, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иалнаршараны иҟаз, аха иазынанамгӡаз, шьҭа иамоу аԥышәа ҳасаб азуны азҵаара аӡбра ишалагатәыз ҳәа далацәажәо, Ҷкотуа иазгәеиҭеит иахьа акәызҭгьы, ауаа ааганы рнырхара иалагаанӡа раԥхьа инаргыланы Аԥсны инхои зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаауеи хдыррала разыҟаҵара шаҭаху."…Азыҟаҵара анысҳәо амилаҭтә хдырра аганахьала разыҟаҵара, Аԥсны аганахьала разыҟаҵара, араҟа анхара разыҟаҵара. Абарҭ анынасыгӡалак аамышьҭахь акәын рнырхара саналагоз. Ахдырра аганахьала азыҟаҵара аԥхьа исыргыло салагеит иахьа", - иҳәеит Ҷкотуа.Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуаз аԥсуааи Аԥсны инхози реиларҵәара аус ишахәҭаз анагӡара шзалмаршамхаз.Еилаҵәаны, еиларсны инҳархазҭгьы аханатә аибабара ацәқәырԥа аҽарҭбаауан, уи нахыс ҳара иҳалымшогьы иара аҭагылазаашьа ахала иалнаршон", - ҳәа азгәеиҭеит Октаи Ҷкотуа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044677770_159:0:2890:2048_1920x0_80_0_0_c27f19d5c93ac944b3406ebec444bbe8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Ҷкотуа арепатриациазы: ауаа ааганы рнырхара аԥхьа ахдырра азыҟаҵара ргылатәуп
11:51 17.03.2023 (ирҿыцуп: 12:42 17.03.2023) Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит хәажәкырамза 23 рзы. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа иҟаҵаз, иззыԥшыз алҵшәа залыршамхаз азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Октаи Ҷкотуа.
Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы даараӡа игәы шазыбылуа азгәеиҭеит Ҷкотуа, уи аԥҵаразы ажәалагала ихәҭаа алоуп.
"Гагра ахы ианақәиҭтәха анаҩс, хара имгакәа Аԥсны шҭаҳарцәуа, амала ишҭаҳарцәыз еиԥш ишнымхуа ҳазхәыцуа ҳалагеит. Уи азы ҳажәлар аагатәын, иҭаҳарцәыз адгьылқәа ҳара хдацԥашә аларстәын азы ҳахшыҩ хәыҷы ала схема хәыҷык ҟаҵаны, аҩыра аурысшәахь еиҭаганы сюызцщеи сареи Владислав Арӡынба иаԥхьа инаганы иқәаҳҵеит. Аиаша шәҭахызар, сыҷкәынра иахҟьаны уи аҩыза сгәаӷьит акәымзар, иахьазы исзымгәаӷьыргьы ҟалон, аха иара (ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба - азгәаҭа) иаразнак ани амаҷ дахәаԥшит, дазхәыцит, аус ду алыихит", - иҳәеит Ҷкотуа.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥнагаз аус, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иалнаршараны иҟаз, аха иазынанамгӡаз, шьҭа иамоу аԥышәа ҳасаб азуны азҵаара аӡбра ишалагатәыз ҳәа далацәажәо, Ҷкотуа иазгәеиҭеит иахьа акәызҭгьы, ауаа ааганы рнырхара иалагаанӡа раԥхьа инаргыланы Аԥсны инхои зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаауеи хдыррала разыҟаҵара шаҭаху.
"…Азыҟаҵара анысҳәо амилаҭтә хдырра аганахьала разыҟаҵара, Аԥсны аганахьала разыҟаҵара, араҟа анхара разыҟаҵара. Абарҭ анынасыгӡалак аамышьҭахь акәын рнырхара саналагоз. Ахдырра аганахьала азыҟаҵара аԥхьа исыргыло салагеит иахьа", - иҳәеит Ҷкотуа.
Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәуаз аԥсуааи Аԥсны инхози реиларҵәара аус ишахәҭаз анагӡара шзалмаршамхаз.
Еилаҵәаны, еиларсны инҳархазҭгьы аханатә аибабара ацәқәырԥа аҽарҭбаауан, уи нахыс ҳара иҳалымшогьы иара аҭагылазаашьа ахала иалнаршон", - ҳәа азгәеиҭеит Октаи Ҷкотуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.