Аԥсны

Мшаԥымзазы Аԥсны Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхоит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ишиҳәо ала Аԥсны Қырҭтәыла аганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц иалшо ҟанаҵоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Мшаԥымзазы Аԥсны изаамҭанытәиу Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәхараны иҟоуп, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа амедиацентр Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иажәақәа шьаҭас иганы.
"Ҳара мшаԥы 4-5 рзы иҟалараны иҟоу араунд ҳҽазыҟаҳҵоит. Ҳақәгәыӷуеит уажәгьы ганкахьтәи аӡбрала аҿҳәара инахарым ҳәа, аиҿкаара-техникатә уадаҩрақәа ҟаларым ҳәа авизақәа роуразы", - иҳәеит Арӡынба.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылацәажәеит Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩи ЕАР ахаҭарнаки
Аминистр иҳәеит ареспублика Урытәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи рколлегацәа иааигәаны ишырныруа, Қырҭтәыла аганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхарц иалшо шыҟанаҵо.
2022 шықәсазы имҩаԥысран иҟаз Женеватәи аиԥыларақәа ԥшьба рҟынтәи акы ауп имҩаԥгаз, егьырҭ ацхантәаҩцәа рыҿҳәара иахыргеит. Асеиԥш аӡбара рыдыркылеит Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа. Уи аҭакс Аԥсны ААР Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсныҟа ралалара азин ннакылеит. Дара Аԥсны аиҳабыра ирԥылараны иҟан жәабран 8-9 рзы.