Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылацәажәеит Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩи ЕАР ахаҭарнаки

© Sputnik / Виталий БелоусовЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, ажьырныҳәа анҵәамҭаз изаамҭанытәиз араунд ацхантәаҩцәа рыӡбрала аҿҳәара еиҭакын.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини ЕАР ахаҭарнак, аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩ Џьихан Султаноглуи Женеватәи аиҿцәажәарақәа реиҭахацыркра иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵура.
Галузин иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа рраундқәа ганкахьы мацара раанкылара шзалымшо.

"Иара убасгьы ирылацәажәан ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҿы, Гал араион аҟны ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аиҭахацыркра аԥеиԥшгьы. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ари амеханизм аусура аанкыланы иҟоуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ажьырныҳәа 31 рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа адырра ҟанаҵеит, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд ахырԥахеит Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәалатә ӡбрала.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа ишьеит. Ари аӡбра аҭакс ажьырныҳәамза анҵәамҭаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа атәыла алалара азин рырамҭеит.
Ҳагба: Женеватәи аформат ҩаԥхьа ицәырҵыр алшоит Украина аимак ҭышәныртәалахар - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2023
Арадио
Ҳагба: Женеватәи аформат ҩаԥхьа ицәырҵыр алшоит Украина аимак ҭышәынтәалахар
Ажәабжьқәа зегьы
0