Афакультетқәа рдеканцәа зегьы злахәу аиԥыларақәа мҩаԥысуеит раионцыԥхьаӡа. Ус еиԥш иҟан Очамчыра, Тҟәарчал, Гал ҳәа адырра ҟаиҵеит Логәуа.
"ААУ иҭало маҷҩым, аӷьырак аҿар Аԥсны иаанхоит. Аха, атенденциа уахәаԥшуазар, есышықәса иҭало рхыԥхьаӡара еиҵахо иалагеит. Урыстәылаҟа аҭалара ицо рацәаҩхеит. Ахәыҷқәа уахь ицар, адыррақәа еиҳаны ироуашәа рбоит. Абри еиҳарак хьаас иҳамоуп ҳара", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Логәуа.
Иара иажәақәа рыла, араионқәа рҿы аҿар аиԥыларақәа рышьҭахь хар амаӡамкәа иаднаԥхьалоит. Адеканцәа рықәгыларақәа рышьҭахь иааиуеит, ирацәажәоит ҳәа азгәеиҭеит арҵаҩы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.