https://sputnik-abkhazia.info/20230319/logua-urystylaa-aalara-itso-akhya-ratsakheit-ui-khaas-iamoup-1044675369.html
Логәуа: Урыстәылаҟа аҭалара ицо ахәыҷқәа рацәаҩхеит, уи хьаас иҳамоуп
Логәуа: Урыстәылаҟа аҭалара ицо ахәыҷқәа рацәаҩхеит, уи хьаас иҳамоуп
Sputnik Аҧсны
Адкыларатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ апрофориентациатә усура мҩаԥнагоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа... 19.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-19T12:20+0300
2023-03-19T12:20+0300
2023-03-19T12:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044675216_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_54df4aa96589c0eda75be555af148526.jpg
Логәуа: Урыстәылаҟа аҭалара ицо ахәыҷқәа рацәаҩхеит, уи хьаас иҳамоуп
Sputnik Аҧсны
Логәуа: Урыстәылаҟа аҭалара ицо ахәыҷқәа рацәаҩхеит, уи хьаас иҳамоуп
Афакультетқәа рдеканцәа зегьы злахәу аиԥыларақәа мҩаԥысуеит раионцыԥхьаӡа. Ус еиԥш иҟан Очамчыра, Тҟәарчал, Гал ҳәа адырра ҟаиҵеит Логәуа."ААУ иҭало маҷҩым, аӷьырак аҿар Аԥсны иаанхоит. Аха, атенденциа уахәаԥшуазар, есышықәса иҭало рхыԥхьаӡара еиҵахо иалагеит. Урыстәылаҟа аҭалара ицо рацәаҩхеит. Ахәыҷқәа уахь ицар, адыррақәа еиҳаны ироуашәа рбоит. Абри еиҳарак хьаас иҳамоуп ҳара", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Логәуа.Иара иажәақәа рыла, араионқәа рҿы аҿар аиԥыларақәа рышьҭахь хар амаӡамкәа иаднаԥхьалоит. Адеканцәа рықәгыларақәа рышьҭахь иааиуеит, ирацәажәоит ҳәа азгәеиҭеит арҵаҩы.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/11/1044675216_220:0:2949:2047_1920x0_80_0_0_a57e41e6ebb92af95c829be4c1295cc7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Логәуа: Урыстәылаҟа аҭалара ицо ахәыҷқәа рацәаҩхеит, уи хьаас иҳамоуп
Адкыларатә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны ААУ апрофориентациатә усура мҩаԥнагоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара афакультет адекан Нугзар Логәуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит урҭ шымҩаԥысуа, насгьы ахәычқәа иаадырԥшуа азҿлымҳара атәы.
Афакультетқәа рдеканцәа зегьы злахәу аиԥыларақәа мҩаԥысуеит раионцыԥхьаӡа. Ус еиԥш иҟан Очамчыра, Тҟәарчал, Гал ҳәа адырра ҟаиҵеит Логәуа.
"ААУ иҭало маҷҩым, аӷьырак аҿар Аԥсны иаанхоит. Аха, атенденциа уахәаԥшуазар, есышықәса иҭало рхыԥхьаӡара еиҵахо иалагеит. Урыстәылаҟа аҭалара ицо рацәаҩхеит. Ахәыҷқәа уахь ицар, адыррақәа еиҳаны ироуашәа рбоит. Абри еиҳарак хьаас иҳамоуп ҳара", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Логәуа.
Иара иажәақәа рыла, араионқәа рҿы аҿар аиԥыларақәа рышьҭахь хар амаӡамкәа иаднаԥхьалоит. Адеканцәа рықәгыларақәа рышьҭахь иааиуеит, ирацәажәоит ҳәа азгәеиҭеит арҵаҩы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.