Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҟны аскарлатина цәырҵит

Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳчақәа ҩба рҟны ҩ-гәыԥк аркуп ахәыҷқәа аскарлатина ахьрыхьуа азы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҟны аскарлатина ахы цәырнагеит ҳәа еиҭалҳәеит араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанԥҳа есымчыбжьа араион ахадараҿ имҩаԥысуа аилацәажәараҟны.

Лара лажәақәа рыла, 2023 шықәса ҳҭалазар иазгәаҭоуп 23 хҭыс. 12 мшы ҳәа иадыркит ахәыҷбаҳчақәа №1, №2 рҟны ҩ-гәыԥк, иара убасгьы ачымазара ашьҭа рбеит 2-тәи абжьаратә школ аҟынгьы.

"Ҵыԥх ари ачымазара ашьҭамҭа ыҟамызт. Акоронавирустә пандемиа аамҭазы егьырҭ ачымазараҿкқәа рганахьала иҭынчран. Арҭ асезонтә чмазарақәа рхатәы аамҭа-аамҭалатәи ацәырҵшьа рымоуп. Зны абҷы, зны аскарлатина", - лҳәеит лара.
Ари ачымазаразы алаҵа ыҟаӡам, зхылаԥшра амуа аҿкчымазарақәа иахьрыҵанакуа азы. Аҳақьым лгәаанагарала, ачымазара Аԥсныҟа аҳәаанхыҵынтә иаланагалеит.
Ҷанԥҳа ишылҳәо ала, ачымазара шьҭыркаауеит аашықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, аиҳараҩык ачымазара марианы ирхыргоит.
Аԥсны
Ишәарҭоуп, аха уахылаԥшыр ҟалоит: аексперт абҷы аҽацәыхьчара шалшо далацәажәеит
Жәашықәса раԥхьатәи аҭагылазаашьа иаҿҳарԥшуазар, уажәазы ачымазара уадаҩрада ахы мҩаԥнагоит. Уаанӡа ахәыҷқәа рыԥсыԥлагаҩагара армариараз атрубкақәа рыхәда иҭаҳаргылон. Убри аан ахәыҷы ихылаԥшлатәуп, избанзар ачымазара ауадаҩрақәа ааннажьыр алшоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҷанԥҳа.
Аскарлатина аҟазшьақәа – ашоура ҳаракы, ацәаҿы ақәыԥса, абз аҟаԥшьхара. Ачымазара анырра рнаҭар алшоит аҷаҷақәеи агәи русура. Убри азы Гәдоуҭа асанитартә ҳақьым хада аҭаацәа ирабжьылгеит арҭ аҟазшьақәа ахәыҷқәа ирыдырбалар, иаразнак ахәшәтәырҭахь инеирц.
Адуцәа аскарлатина рыхьӡом, уажәтәи ахәыҷқәа римуннитет ахьыӷәӷәам зыхҟьо зхаҭабзиара лаҟәу рыкрыфара иахҟьазар алшоит лҳәоит Ҷанԥҳа.
Аскарлатина рыхьу ирмыхьу ашьақәыргылара алшоит аклиникатә методқәа рылеи атестқәа рылеи. Иааиуа амшқәа рзы Гәдоуҭатәи СЕС ахь инаргараны иҟоуп 40 тест (тестк ахәԥса 450 мааҭ).
Ҷанԥҳа илҳәеит араион аҿы ари ахыԥхьаӡара шазымхо. Иазгәалҭеит ачымазцәа атестқәа раадырхәар шалшо, ус иҟарҵар аматериал цҵа аахәараз астанциа алшара шаиуаз.
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсны амедусҳәарҭақәа рахь адҵааларақәа рыстатистика цәырыргеит