Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазы Аԥсны амедусҳәарҭақәа рахь адҵааларақәа рыстатистика цәырыргеит

© Sputnik / Павел ЛьвовВедение беременных
Ведение беременных - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациала, 2022 шықәсазы 10 000-ҩык ачымазцәа рҟынтә 299-ҩык ахәышәтәырҭа иҭан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2022 шықәсазы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь (ахшараиуратә ҟәшагьы налаҵаны) идҵаалеит 41 461-ҩык, ахәышәтәырҭа иҭалеит 7865-ҩык. Абри атәы иҳәеит аминистр Едуард быҭәба ажьырныҳәа 23 азтәи апресс-конференциаҟны.
Аминистр иажәақәа рыла, шықәсык аҩнуҵҟа имҩаԥган 3473 операциа. Реиҳа иазгәаҭоу чмазарақәаны иарбоуп ахәахәарақәа, ахарахара, афатәырсареи аӡкаҭәаратәи системеи рчымазара.
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь 2022 шықәсазы идҵаалеит 20 047-ҩык. Уа имҩаԥган 1086 операциа, астационартә хәышәтәра иахыжьын 938-ҩык ачымазцәа.
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь инеит 17 522 пациент, астационартә хәышәтәра иахыжьын 1001-ҩык.
Галтәи араионтә хәышәәтырҭахь инеит 4664-ҩык (73 операциа), Очамчыратәи ахәышәтәырҭахь – 22 550-ҩык, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь – 9955-ҩык (85 операциа, 2972 компиутор-томографтә ҭҵаара, 32-ҩык зцәа зтәымыз ахшароураз).
4145-ҩык ыдҵаалеит Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭахь. Уа имҩаԥган 54 операциа, иит 23-ҩык ахәыҷқәа.
Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿ астационартә хәышәтәра иахыжьын 1942-ҩык апациентцәа, имҩаԥган 439 операциа, Гагратәи ахәышәтәырҭахь инеит 10593-ҩык, астационартә хәышәтәра иахыжьын 6978-ҩык.
Эдуард Бутба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2023
Аԥсны
Быҭәба 2022 шықәсазы аминистрра апрограммақәа рынагӡашьаз аҳасабырба ҟаиҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0