АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыҩнуҵаҟа Урыстәылеи Китаии ҩ-ганктәи реиқәшаҳаҭра арҿиараҟны акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҵоуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путини Китаи ахада Си Цзиньпини Кремль иформалтәым реиԥылараҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ицқьаны жәа-шықәса раԥхьа шәаргьы саргьы ҳаиԥылеит - шәара Урыстәылаҟа раԥхьатәи шәаара акәын Китаи Жәлар Рреспублика ахантәаҩы иаҳасаб ала. Ари аамҭа иалагӡаны ҳара ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара аҟны акрызҵазкуа ашьаҿақәа ҟаҳҵеит", - иҳәеит урыстәылатәи ахада.
Путин иҳәеит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аҩ-тәылак рыбжьара атауареиқәшара ҩынтә рыла ишеиҳахаз, иагьшынаӡаз 185 миллиард доллар рҟынӡа.
Китаитәи аделегациа зықәтәаз аҳаирплан москватәи аҳаирбаӷәаза "Внуково" итәеит хәажәкыра 20 рзы. Ари амш азы иазгәаҭоуп Кремль иформалтәым Владимир Путин иԥылара, ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа рыла, атәыла ахадацәа алацәажәоит "даара хра злоу акыр аҵаарақәа".