Си Цзиньпин Урыстәыла ашәҭыкакаҷразы Путин ироль атәы иҳәеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВизит президента РФ Владимира Путина в Китайскую Народную Республику
Визит президента РФ Владимира Путина в Китайскую Народную Республику - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2023
Анапаҵаҩра
Китаи Акоммунисттә партиа ахада Си Цзиньпинь Москва дыҟазаауеит хәажәкыра 22 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин имҩаԥиго аусура иабзоураны атәыла шәҭыкакаҷхеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Китаи аԥхьагыла Си Цзиньпин Кремль имҩаԥысыз аиԥылараҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Шәара атәыла шәҽырӷәӷәаны напхгара ахьашәҭо иабзоураны Урыстәыла аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақәҿиара дуқәа аанарԥшуеит, ашәҭыкакаҷра иаҿуп", - иҳәеит Си Цзиньпин.
Китаи Акоммунисттә партиа ахада агәрагара ааирԥшуеит урыстәылаа рхада Путин иаԥшгамҭақәа зегьы ирыдгылоит ҳәа.
Си Цзиньпин Москва днеит ашәахьа, хәажәкыра 20 рзы. Иахьа аҩтәылак рнапхгаҩцәа реиԥылара иформалтәым ҳәа иԥхьаӡоуп, дара тет-а-тет еицәажәараны иҟоуп.
Иара Урыстәыла иусуратә ҭаара амш хада ҳәа иазгәаҭоуп уаҵәы, хәажәкыра 21. Усҟан имҩаԥгахоит аофициалтә еиԥылара, еиуеиԥшым аформатқәа рыла аиҿцәажәарақәа, АИХ-қәа рзы аҳәамҭақәа, аҳәынҭқарратә шьыбжьхьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0