Владимир Путин Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьазы астатиа иҩит

Путин игәаанагарала, Китаии Урыстәылеи рыжәҩа еибыҭаны адунеии арегиони рҿы еиҟароу, ишәарҭадароу асистема аԥҵаразы аус еицыруеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Владимир Путин китаитәи агазеҭ "Женьминь Жибао" азы астатиа "Урыстәылеи Китаии - ԥхьаҟа зымҩа хоу апартниорра" иҩит. Атекст нагӡаны икьыԥхьуп Кремль асаит аҿы.

Раԥхьа иргыланы, ахада иазгәеиҭоит атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа ахаангьы агәреибагара ҵаҵӷәыс ишрымаз, агәыӷрагьы ааирԥшуеит КЖәР ахантәаҩы Си Цзиньпин Москваҟа иаара ҩ-ганктәи аусеицура еиҳагьы ишарцыхцыхуазы.

"Урыстәыла-Китаитәи аизыҟазаашьақәа еиҳа иҳараку аҩаӡарахь инеит, еиҳа-еиҳа рыҽдырӷәӷәоит, рхаҭабзиарала "аибашьра хьшәашәа" аамҭақәа раантәи рырра-политикатә еимабзиара иаԥнагоит, арҭ аизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоу аиҟарароуп, апатуеиқәҵароуп. Ҳполитикатә диалог агәреибагара шьаҭас иамоуп, ҳастратегиатә еиныррагьы аепоха ҿыц иҭалоит", - ҳәа иҩуеит ахада.
Путин иазгәеиҭоит атәылақәа аекономика аусхк аҟны рпартниорра хра шалоу. 2022 шықәсазы атауареикәыршара ирекордтәу 185 миллиард доллар иазкылсит, 2024 шықәсазы 200 миллиард рахь ҳнеиуеит ҳәа иазгәаҭаз арбага сынтәатәи ашықәс азы инагӡахоит. Убри аан еиҳа-еиҳа ирызҳауеит амилаҭтә валиутақәа рыла ашәарақәа рымҩаԥгара.
"Аԥыжәара зоурц зҭаху, адунеитә еизыҟазаашьақәа асал рыбжьазҵо џьоук реиԥш акәымкәа Урыстәылеи Китаии ацҳақәа рыбжьарҵоит", - ҳәа иҳәоит Владимир Путин, жәларбжьаратәи аполитика азҵаарақәа рҿы ракзаара иаҵшьуа.
Путин: Урыстәыла аглобалтә економикатә арена иқәҵӡом
Урыстәылеи Китаии есышықәса зылшарақәа зырҭбаауа ШОСи БРИКСи рыструктурақәа аладырҵәоит, Евразиатәи аекономикатә еидгылеи "Один пояс, один путь" аԥшьгамҭеи реизааигәахара иадгылоит. Иара убасгьы Урыстәылеи Китаии рыҿиарамҩа аанкыларазы америкатәи акурсгьы аӡбахә иҳәеит.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа Мраҭашәара егьа аҽарххаргьы арегионалтәи аглобалтәи ҭышәынтәалара шьаҭас ишрымоу, Мраҭашәара адунеи зегьы амҽхакраз аҽазышәарақәагьы шԥеиԥшдоу.
Урыстәылеи Китаии рхадацәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аҳәамҭа рнапы аҵарҩит