Аԥсны

Аслан Бжьаниа абоксиор Баҭал Ҷежьиа ииааира идиныҳәалеит

Хәажәкыра 13 рзы Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит, Мурад Далхаев техникатә нокаутла дииааины.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ иаԥсахаз Баҭал Ҷежьиа, ииааирагьы идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла хада иажәақәа рыла, Баҭал Ҷежьиа ииааира абокс аспорт хкы ахь ахәыҷқәа рызҿлымҳара шьҭнахыр алшоит.
Аспорсмен иазыҟаҵаҩ Алик Карди-оглы иажәақәа рыла, Ҷежьиа еиԥш аиааирақәа згәы ацԥыҳәуа аспортзалқәа рахь инеиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иацлеит.
Баҭал Ҷежьиа – ИАРи аславиан тәылақәеи рчемпион ититул имоуп ажурнал "Про Бокс" аверсиала. Апрофессионалтә ринг аҿы 17 еиԥылара мҩаԥигахьеит. Урҭ рҟынтәи 12-нтә даиааит, 2-еиҭахарак имоуп, 3-нтә даҵахеит.
Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит, Мурад Далхаев техникатә нокаутла дииааины. Аспортсмен ииааира Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз ргәалашәареи ирзикит.
Аԥсны
Баҭал Чежьиа Урыстәыла ачемпион ититул азы: ақәгылара сазыҟаҵан