Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Баҭал Чежьиа Урыстәыла ачемпион ититул азы: ақәгылара сазыҟаҵан

© Sputnik / Томас Тхайцук Батал Чежия
Батал Чежия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Анапаҵаҩра
Баҭал Чежьиа хәажәкыра 13 рзы Урыстәыла ачемпион ититул аиуразы абжьаратә капан иаҵанакуаз рыгәҭа дықәгылон. Иара Мурад Далхаев атехникатә нокаут ала аԥыжәара ицәигеит.
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла ачемпион ититул аиуразы ақәгылара сазыҟаҵан ҳәа иҳәеит абоксиор Баҭал Чежьиа Sputnik апресс-центр аҟны имҩаԥысуаз ипресс-конференциаҟны Мурад Далахаевы иареи реиндаҭлара далацәажәо.

"Аԥхьатәи ҳаиндаҭлара мҩаԥысит 2018 шықәсазы, Анапа. Уи ашьҭахь аамҭа акыр цеит атехникатә лшарақәа аус рыдуларазы. Усҟантәи ақәгылараангьы сара соуп аиааира зықәнагаз ҳәа исыԥхьаӡоит, сахьаҵахаз араундқәа шыҟазгьа. Ф-раундк рҟынтәи аӡбаҩцәа реиҳараҩык ргәаанагарала ԥшь-раундк сара иаԥызгеит", - ҳәа иҳәоит иара.

2018 шықәсазы Баҭал Чежьиеи иареи реиндаҭлара ашьҭахь Мурад Далахаев аринг аҿы 13-нтә дықәгылеит, 10-нтә аиааирақәа игеит.
"Уажәы аԥыжәара импыҵхраз алшара шыҟалоз анеилыскаа сақәшаҳаҭхеит иаразнак. Избанзар ари атитул сара сзы акраҵанакуеит. 2021 шықәса лаҵарамзазгьы ари атитул агаразы сықәгылан, аха заанаҵы саҵахеит. Сара сзы ари зегь раасҭа ихьанҭаз ҵахаран", - ҳәа иҳәоит абоксиор.
Афон Ҿыц апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахада Саид Смыр Далахаев итехника атәы далацәажәо иҳәеит иара аринг аҿы инеиҭаҵ-ааиҭаҵрақәа шырацәамгьы иӷәӷәаны аахақәа шыҟаиҵо.
"Абоксиор усеиԥштәи аҟазшьала ихы мҩаԥигоит – уааигәа дааины ӷәӷәала дусуеит. Иҟоуп иааҟәымҵӡакәа еиҭаҵуа, уи ала узырааԥсо. Иара мап. Сара исҳәахьан ахԥатәи араунд аҿы Баҭал нокаутла дииааиуеит ҳәа, аха аԥшьбатәи араунд аҿоуп усеиԥш аныҟала", - ҳәа иҳәеит иара.
БАтал Чежия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Аԥсны
Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит
Апресс-конференциаҟны Аԥсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы далацәажәеит актәи анакдаун ашьҭахь аӡбаҩ ахәмарра ацҵара азин зыҟаиҵаз атәы.
"Усеиԥш ҟалеит избанзар ачемпионтә маҟа азы еиндаҭлон. Аӡбаҩ абоксиор алшара ииҭеит ақәгылара анагӡаразы, аха Баҭал уи алимыршеит, иааирала иқәгылара хиркәшеит", - иҳәеит иара.
Иара ишиҳәаз ала ареспубликаҟны абокс ахь аинтерес аазырԥшуа рацәаҩхеит. Урҭ аԥсуа боксиорцәа риааирақәагьы ҵаҵӷәыс ирымазар алшоит. Ари аиааира Чежьиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз ргәалашәареи ирзикит.
"Ари аиааира аветеранцәа раҳаҭыр иазыскит. Иара сара сзы акраҵанакуаны иҟоуп, шьаҿа ӷәӷәоуп, убри азы сиааирақәа ириеҳау рзыскит аԥсуа бираҟ саҵагыланы аринг ахь снеира алзыршаз ауаа", - ҳәа иҳәеит иара.
Иааиуа амчыбжьқәа ачемпион иԥсы ишьоит, анаҩс Москваҟа дхынҳәны аҽазыҟаҵарақәа ирыциҵоит.
"Атитул ахьчара анаҩсгьы амҩаԥгара алшоит. Уажәы иауаны иҟалозар Еимабзиоу атәылақәа ртитул аҿы ақәгылара сгәы иҭоуп", - ҳәа иҳәеит Чежьиа.
Молодой боксер из Гагры Герман Арджения одержал безоговорочную победу на первенстве Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2023
Аԥсны
Аԥснытәи абоксиор Герман Арџьениа Конготәи аспортсмен дииааит
Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит, Мурад Далхаев техникатә нокаутла дииааины. Аицлабра аҵанакуан аҩбатәи абжьаратә капан змоу рыбжьара. Аиндаҭлара зегьы иалагӡаны аԥснытәи аспортсмен дызҿагылаз диеиӷьны ихы ааирԥшуан, изныкымкәа икылкааны дисуан.
Аԥшьбатәи араунд аан Ҷежьиа Далахаев анокдаун ахь дишьҭит, уи ашьҭахь аӡбаҩ аиндаҭлара ааникылеит, избанзар икаҳаз уаҳа аисра илшомызт. Убас ала, Баҭал Ҷежьиа техникатә нокаутла аиааира игеит.
Баҭал Ҷежьиа – ИАРи аславиан тәылақәеи рчемпион ититул имоуп ажурнал "Про Бокс" агәаанагара ала. Апрофессионалтә ринг аҿы 17 еиԥылара мҩаԥигахьеит. Урҭ рҟынтәи 12-нтә даиааит, 2-еиҭахарак имоуп, 3-нтә даҵахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0