Аԥсны

Сергеи Шамбеи Рашид Нургалиеви амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәеит Москва

Аԥсни Урыстәылеи Ршәарҭадаратә хеилакқәа 2023-2024 шықәсқәа рзы русеицуразы аплан анапаҵаҩра азгәаҭоуп хәажәкыра 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Москва имҩаԥысит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви реиԥылара, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
"Аиԥылараҟны иалацәажәеит жәларбжьаратәи амилаҭтәи шәарҭадаразы иактуалтәу азҵаарақәа, иара убас аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа реизырҳара", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Адипусбарҭа адырра ҟанаҵоит Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа реиԥылара шымҩаԥысыз Ашәарҭадаратә хеилакқәа раппаратқәа 2023-2024 шықәсқәа рызтәи русеицура аплан анапаҵаҩра аназгәаҭаз аламҭалазы.
Сергеи Шамбеи Рашид Нургалиеви еицҿакны ирҳәеит аусбарҭақәа аԥхьаҟагьы аусеицура арҭбаареи арҿиареи ргәы ишҭоу.
Аԥсны
Бжьаниа: аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам