https://sputnik-abkhazia.info/20230321/bzhania-ay-zyrshozaalakgy-aa-arakh-daaashuam-1044768186.html
Бжьаниа: аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам
Бжьаниа: аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам
Sputnik Аҧсны
Бжьаниа иажәақәа рыла, ақырҭуа оппозициа иахьатәи амчра ахҳәара рыгәҭакуп, иара убас ирҭахуп Урыстәыла иаҿагыло аҩбатәи афронт аартрагьы. 21.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-21T15:30+0300
2023-03-21T15:30+0300
2023-03-21T15:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/15/1044766265_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_81e5b76718c111bf2d5e0fb88b1c1dd5.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду аҟны Аԥсны адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит. "Аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам. Ҳара амобилизациатә зыхиаразы аусурақәеи аҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥаагоит. Аибашьра аӡәгьы иаҳҭахӡам, аха ҳареи Урыстәылеи зегьы ҳарзыхиоуп", - иҳәеит Бжьаниа. Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла ишаҿагыло Еиду аштатқәа нарылаҵаны 50 ҳәынҭқарра. Урҭ амчқәа роуп изҭаху ақырҭуа напхгара ахҳәаны аибашьара алагара. "Абри хықәкыс иҟаҵаны иаздырхиоит Қырҭтәыла аҩнуҵҟа зымҽхак ҭбаау аполитикатә акциақәа мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы рымҩаԥгара. Иахьатәи аҭагылазаашьа 2008 шықәсазы аасҭа иуадаҩуп. Абри аан ҳара ишалшо ала иҳарӷәӷәалароуп Урыстәылеи уи арегионқәеи ҳареи ҳаинырра" , - иҳәеит атәыла ахада. Ари аҭагылазаашьаан уаанӡакы еиԥшымкәа аҩнуҵҟаполитикатә акзаара хра аманы иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/15/1044766265_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_4a9b3075d24ce48493d860398183d011.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Бжьаниа: аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам
Бжьаниа иажәақәа рыла, ақырҭуа оппозициа иахьатәи амчра ахҳәара рыгәҭакуп, иара убас ирҭахуп Урыстәыла иаҿагыло аҩбатәи афронт аартрагьы.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аслан Бжьаниа аполитикатә партиа "Амцахара" аизара ду аҟны Аԥсны адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит.
Иара иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи арра-политикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Урыстәыла арратә операциа ҷыда мҩаԥнагар акәхеит. Иара убри аан Аԥсны аимак ҟаҵаны "аҩбатәи афронт" аартра рҭахуп.
"Аҵәы зыршозаалакгьы, аӷа арахь дааҳашьҭуам. Ҳара амобилизациатә зыхиаразы аусурақәеи аҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥаагоит. Аибашьра аӡәгьы иаҳҭахӡам, аха ҳареи Урыстәылеи зегьы ҳарзыхиоуп", - иҳәеит Бжьаниа.
Бжьаниа иҳәеит Урыстәыла ишаҿагыло Еиду аштатқәа нарылаҵаны 50 ҳәынҭқарра. Урҭ амчқәа роуп изҭаху ақырҭуа напхгара ахҳәаны аибашьара алагара.
"Абри хықәкыс иҟаҵаны иаздырхиоит Қырҭтәыла аҩнуҵҟа зымҽхак ҭбаау аполитикатә акциақәа мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы рымҩаԥгара. Иахьатәи аҭагылазаашьа 2008 шықәсазы аасҭа иуадаҩуп. Абри аан ҳара ишалшо ала иҳарӷәӷәалароуп Урыстәылеи уи арегионқәеи ҳареи ҳаинырра" , - иҳәеит атәыла ахада.
Ари аҭагылазаашьаан уаанӡакы еиԥшымкәа аҩнуҵҟаполитикатә акзаара хра аманы иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит ахада.