Си Цзиньпин Путин Китаиҟа днеиԥхьеит

Китаи ахада Си Цзиньпин Москваҟа дааит ашәахьа хәажәкыра 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин даниԥылоз иеиҳәеит Владимир Путин Китаи даҭаарц дышнеиԥхьаз. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иацы официалла атәыла ахада Владимир Путин изыманшәалоу аамҭазы Китаи даҭаарц ааԥхьара исҭеит", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит сынтәа Китаи ишымҩаԥгахо ахԥатәи жәларбжьаратәи афорум "Один пояс - один путь". Уаанӡатәи ҩ- форумк Путин дрылахәын.

Ари афорум ахь иара убасгьы днеиԥхьеит Михаил Мишустин.
Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин иҳәеит Москва Китаи аус ацура, анырра аинтерес шрымоу, иахьатәи реизыҟазаашьа аҩаӡара ҳарак шамоу.
Си Цзиньпин Урыстәыла ашәҭыкакаҷразы Путин ироль атәы иҳәеит
Си Цзиньпин Москва днеит ашәахьа, хәажәкыра 20 рзы. Аҩтәылак рнапхгаҩцәа реиԥылара тет-а-тет имҩаԥысит.
Си Цзиньпин Урыстәыла иусуратә ҭаара амш хада ҳәа иазгәаҭоуп иахьа, хәажәкыра 21. Имҩаԥгахоит аофициалтә еиԥылара, еиуеиԥшым аформатқәа рыла аиҿцәажәарақәа, АИХ-қәа рзы аҳәамҭақәа, аҳәынҭқарратә шьыбжьхьа.