АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи авидеоконференциала русура аԥхьаҟатәи аԥеиԥш иалацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла ААР.
Аиԥылара иалахәын Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩы, ЕАР ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар, Аахыҵ Кавказ аҟны ОБСЕ ахантәаҩ ихаҭарнак ҷыда Виорел Мошан.
"Аиҿцәажәараҟны иззаҭгылаз атема хадақәа иреиуан Женеватәи аиҿцәажәарақәа реиҭахацыркра. Зеиԥш ыҟам аиҿцәажәарақәа мзызс иамоу мҳәакәа ганкла ахырԥареи, ЖәЖА аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа ргәаанагара хьаас имкыкәа аицхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьеи рзы урыстәылатәи аган ргәаанагара рҳәеит", - ҳәа азгәаҭоуп Урыстәыла ААР иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
Ажьырныҳәа 31 рзы Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа адырра ҟанаҵеит, жәабран 21-22 рзы имҩаԥысраны иҟаз Женеватәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд ахырԥахеит Евроеидгыла, ЕАР, ОБСЕ рҟынтәи ацхантәаҩцәа рхаԥышәалатә ӡбрала.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацхантәаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҿцәажәаратә процесс иаԥырхагоуп, арегион аҿы аҭышәынтәалара ашәарҭара иҭанаргылоит ҳәа ишьеит. Ари аӡбра аҭакс ажьырныҳәамза анҵәамҭаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа атәыла алалара азин рырамҭеит.