Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба: Женеватәи аформат ҩаԥхьа ицәырҵыр алшоит Украина аимак ҭышәынтәалахар

Ҳагба: Женеватәи аформат ҩаԥхьа ицәырҵыр алшоит Украина, аимак ҭышәныртәалахар
Анапаҵаҩра
Минск Аладатәи Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа иахьрылацәажәатәу ҭыԥны исшьоит иҳәеит апресс-конференциаҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Иамоума ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ари ажәалагала, иахырҳәааришь егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Женеватәи аформат Минсҟа ииагахоит анаҳҳәо, уи егьырҭ атәылақәагьы иргәаԥхароуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба арадиоефир аҿы.
"2008 шықәса рзы Женеватәи аформат анаԥырҵоз, Урыстәыла акәымкәа иара егьырҭ Европа аҳәынҭқаррақәагьы ақәшаҳаҭын, уажәы Кавказ аҭынчра аҭышәныртәаларазы иара аҭахуп ҳәа ахырҳәаар, уи алыршахоит. Минск лассы-лассы еизоит аҳәынҭқаррақәа аимак змоу, уа ирыӡбон Ашьхатә Ҟарабах азҵаара, Украинатәигьы иалагеит, аха уи нагӡамхеит. Ара раԥхьа иргыланы агәаԥхара роуроуп европатәи аҳәынҭқаррақәа. Украина азҵаара ҭышәынтәалахар, Женеватәи аформат цәырҵны убра аусура иалагар ҟалоит. Уи азы аинтерес рымоуп Урыстәылагьы", - ҳәа азгәеиҭеит аполитолог
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0