Арадио

Коӷониаԥҳа: аҩнԥҳәысра мацара сара сзы игәҿыӷьрахон

Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, актриса Елеонора Коӷониаԥҳа хәажәкыра 23 рзы иазгәалҭоит лиубилеи. Лнысымҩа, иреиҳау алҵшәақәа, лыԥсҭазааратә принципқәа, лыпланқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Sputnik
Елеонора Коӷониаԥҳа еиҭалҳәеит анык, андук лаҳасабала аҭаацәараҿы дзеиԥшроу атәы, лусураҿы дзыхьӡаз рахьынтә еиҳарак иалылкаауа, насгьы длафуа илҳәеит иахьагьы дкамкамуа дзыҟоу .
"Аҩнԥҳәысра мацара сара сзы игәҿыӷьрахон. Сара исгәаԥхоит иахьатәи аҳәса рҿы ахныҟәгара, аԥара арҳара ахьрылоу, уи иашьҭоуп, аха зны-зынла аӡҟы ибаразы анаӡеицәа ианрышьҭоу исзеилкааӡом. Аҳәынҭқар иуиҭаз аамҭа ахәыҷы ибаразы ахархәара аҭатәуп. Уи ан ибжьалмыжьроуп, иага аԥара лырҳар лҭахызаргьы", - лҳәеит Коӷониаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Елеонора Коӷониаԥҳа илхыҵит 60 шықәса. Ателехәаԥшраҿы лара имҩаԥылгон алитературатә дырраҭарақәа "Ажәа", "Абырҵкал", убас ишиашоу ицоз аефирқәа рцикл "Аамҭа", иахьа дредактор еиҳабуп, акьыԥхь аҿгьы дцәырҵуеит.
2016 шықәса раахыс Sputnik Аԥсны аколумнист, лнапы иҵыҵхьеит 300 инарзынаԥшуа астатиақәа, уи инаваргыланы имҩаԥылгон арадио-дырраҭарақәа рцикл "Коӷониаԥҳа лымҩаду".