Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Одессатәи аобласт аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҩнаргыларҭа ԥыржәеит

Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 87 ааха рырҭеит, 109 раион рҿы ари атехникеи ааха рырҭеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Одессатәи аобласт Сухои Лиман аҿы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҩнаргыларҭа еилаԥырххааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Иара убасгьы еилаҟәаҟәан "Иностранный легион" ҳәа изышьҭоу қьыралатәи аибашьцәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ДЖәР, Константиновка иахьаҵанакуа; арадиолокациатә станциа AN/TPQ-37 Запорожиатәи аобласт аҟны.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә ахархәагақәа икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа хԥа, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 18.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 60-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, ҩ-автомашьынак, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Krab" (Польша).
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 125-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, РСЗО "Град".
Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 380-ҩык асолдаҭцәа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа жәаба, пикап, ҩ-гаубицак "Гвоздика".
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 40-ҩык аруаа, ҩ-пикапк, агаубица Д-30, артиллериатә шьақәгыла "Krab". Херсонтәи ахырхарҭаҿы – УАМ асолдаҭцәа 40-ҩык, ҩ-автомашьынак, зхала иныҟәо агаубица "Гвоздика", артиллериатә система М777.