Аԥсны

Апатриоттә естафета "Ҳаԥсадгьыл ду" мҩаԥысит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҟны игаз аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз апатриоттә естафета "Ҳаԥсадгьыл ду" мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 25 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы Олег Слиусаренко.
Аестафета алахәылацәа Идырым асолдаҭ ибаҟаҿаԥхьа аиааира абираҟ еиҵырхит.
"Ауснагӡатә иалахәын ауаажәларра рхаҭарнакцәа, иара убас Мелитополь аҟынтәи абираҟ аазго ҳкоманда. Урыстәыла ақалақьқәа ҳарҭаауеит, иара убас Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Беларусь, Ҟазахсҭан. Ҳазҭаауа ақалақьқәа рҟны Аиааира абираҟ ахҩылаа еиҵаҳхуеит", - иҳәеит Слиусаренко.
Апатриоттә естафета "Ҳаԥсадгьыл ду" мҩаԥыргоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҟны игаз аиааира 78 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз. Аиааира абираҟ рыманы ирылсуеит 11 ақалақь-фырхаҵа, аибашьра ахьӡ-аԥша змоу 42 қалақь, Аџьынџьтәылатәи еибашьра аорден актәи аҩаӡара занашьоу 32 қалақь, иара убас Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Беларусь, Ҟазахсҭан. Апатриоттә марш-естафета алахәылацәа иааидкылан 21 км иахысуеит.
Апатриоттә естафета хыркәшахоит маи 9, Москва, уи алахәылацәа "Имԥсуа архәҭа" аколонна иацны Ашҭа ҟаԥшь иқәсуеит.
Шоигу: 10 000-ҩык инареиҳаны Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад иалахәхоит