Шоигу: 10 000-ҩык инареиҳаны Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад иалахәхоит

© Sputnik / Host photo agency / Evgeny Biyatov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТанки Т-34-85 во время военного парада Победы на Красной площади
Танки Т-34-85 во время военного парада Победы на Красной площади - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы Урыстәыла ақалақьқәа 28 рҟны имҩаԥгахоит апарадқәа. Зынӡа дара ирылахәхоит 55 нызқьҩык аруаа, 1,2 нызқь ак абџьари аибашьыга техникеи.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. 10 000-ҩык инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира 78 шықәса ахыҵра иазку Ашҭа ҟаԥшь аҿтәи апарад иалахәхоит, иазԥхьагәаҭоуп 125 ак атехника акылгара иҳәеит атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
Иара иҳәеит урыстәылаа ибзианы ишыргәалашәо ииасхьоу аамҭақәа, ишеилыркаауа акзаара шакәу аӷа ииааира алзыршо.

"Иахьа иаабоит уҭазырхо аидеологиа, анацизм аидеологиа аҿиара ишалагаз. Знапы ашьа ахьыкәкәо џьоукы ирҭахуп аҭоурых аиҭаҩра", - иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, арратә операциа ҷыда аан урыстәылатәи аибашьцәа Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҟаз афырхаҵарақәа ҟарҵоит, гәымшәарада аӷа иҿагылоит.
Асеиԥш ахымҩаԥгара абиԥарақәа реимадара иашаҳаҭганы иҟоуп, аҭынч уааԥсыра рыхьчара иазырхоуп ҳәа ишьоит Шоигу.
Ажәабжьқәа зегьы
0