Аԥсны

"Афымцамчҭира" Гәдоуҭа араион аҟны афымцамч ахархәараз ахәԥса зымшәо рсиа шьақәнаргылеит

Гәдоуҭа араион аҟны афымцамч ахархәаразы еизгахо аԥара ҳәа ишьақәыргылаз 6,9 миллион мааҭ аҟынтәи жәабранмзазы 6,05 миллион мааҭ еизыргеит.
Sputnik
ГӘДОУҬА, хәажәкыра 27 – Sputnik, Бадри Есиава. "Афымцамчҭира" Гәдоуҭа араион аҟны афымцамч ахархәараз ахәԥса зымшәо рсиа шьақәнаргылеит, асиа Аԥсны аекономика аминистррахь инашьҭхоит ҳәа иҳәеит есымчыбжьатәи араионтә еизараҟны "Афымцамчҭира" аҟәша аиҳабы Едгар Камлиа.
"Арҭ асиақәа аԥхьа "Амшынеиқәафымцамч" ахь инаҳашьҭуеит, анаҩс урҭ аекономика аминистррахь инеиуеит. Аԥара зымшәо рганахь ала иарбан уснагӡатәқәоу ирыдыркыло ҳаздырам, иҟалап хаҭала алашара аҿырхуазар, иҟалап еиланхарҭа ҭыԥла алашара дырцәалозар", - ҳәа иҳәеит иара.
Камлиа ишиҳәаз ала Гәдоуҭа араион аҟны афымцамч ахархәаразы еизгахо аԥара ҳәа ишьақәыргылаз 6,9 миллион мааҭ аҟынтәи жәабранмзазы 6,05 миллион мааҭ еизыргеит. Ауснагӡала хәажәкырамзазы16,6 миллион мааҭ арбоуп.
Иара иажәақәа рыла ауааԥсыра рԥарашәашьа шыҟоу ала, иазыԥҵәоу анагӡара залыршахом. Гәдоуҭа араион аҿы ииасыз амзазы иныхын 30 миллион киловатт-сааҭ. Камлиа ақыҭақәа рхадацәа рахь аҳәара ҟаиҵеит ауааԥсыра абри аус аҟны анырра рырҭарц.
Аԥсны
Гәдоуҭа араион аҟны закәаншьаҭада 29 трансформатор ықәыргылоуп
Уаанӡа Камлиа иҳәахьан аекономика аминистрраҿы ишалацәажәаз абиуџьеттә еиҿкаарақәа русзуҩцәа амза анынҵәалак рнапхгара афымцалашараз ауал шрықәым азырбо ашәҟәқәа рызнаргаларц азы аԥҟара.
Араион аҿы аус руеит фҩык агәаҭаҩцәа. Урҭ абонентцәа аԥара рылыргоит. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа Мгәыӡырхәеи Агараки аус руеит. Рулафахәы илырхыз аҟынтәи 10% роуеит.