Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа араион аҟны закәаншьаҭада 29 трансформатор ықәыргылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация города Гудаута
Администрация города Гудаута  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2023
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахадараҟны имҩаԥысыз есымчыбжьатәи аилатәараҟны иалацәажәеит акриптовалиута амаининг аԥырҟәҟәаара азҵаара.
ГӘДОУҬА, жәабран 7– Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҟны закәаншьаҭада 29 трансформатор ықәыргылоуп ҳәа азгәеиҭеит, араион аахадара аилатәараҟны "Амшынеиқәафымцамч" гәдоуҭатәи афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Едгар Камлиа.
Иара иажәақәа рыла асиақәа ақыҭақәа рхадацәа ирыҭоуп. Камлиа иазгәеиҭеит ауаа ишрацәажәалатәу, агрегатқәа дмырцәар, атрансформаторқәа рықәгара аус ишалаго.
"Афымцамчхархәара алимит ҳарҭеит. Уи ҳахысыр аԥкрақәа ирыцҵахар акәхоит. Шәааи ҳаицхыраап, ауааԥсырагьы идеилҳаркаап иҟарҵаша",- иҳәеит Камлиа.
Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа ақыҭақәа рхадацәа рнапы ианиҵеит ауааԥсыра ирыҿцәажәарц, аенергосистемаҿ иҟоу аҭагылазаашьа деилдыркаарц, аамҭала акәзаргьы раппаратқәа аҿырхырц.
"Уажәы алашара х-сааҭк идырцәоит. Аха хә-сааҭк арцәара рықәшәоит ацәаҳәақәа ирықәу ахьанҭыра иҳазрыҵымхыр. Шәара зегьы ибзианы ижәдыруеит аппаратқәа ззықәгылоу. Ирымышәх ҳҳәом, аха ма аамҭала идырцәааит", - иҳәеит Боџьгәуа.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба ихантәаҩрала амҽыша, жәабран 5 рзы имҩаԥган афымцамчла аиқәыршәареи изакәанымкәа акриптовалиута арҳареи азҵаарақәа рзы аилацәажәара.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2023
Аԥсны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаининг-фермақәа раарԥшразы есыҽны агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит
Уи аихшьаалақәы рыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи изакәанымкәа иаҿаку аиқәыршәагақәа раҿыхреи рықәгареи рзы адҵа рыҭоуп.
Иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа зегьы иарбоу аппаратқәа Аԥсныҟа раагара аԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны, акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рсервистә маҵзуреи раагареи иазкны, асоциалтә ҳақәеи рыла алаҳәарақәа рыҟаҵарала , аус зуа аиҿкаарақәа зегьы ргәаҭара амҩаԥгара азы адҵа ҟаҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0