Урыстәыла

Афедхеилак иԥсхьоу ртәанчахәы архынҳәразы Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа аратификациа азнауит

Аиҭакрақәа аларгалоит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара 2015 шықәса мшаԥы 14 рзы анапы зҵаҩыз Аԥсны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Афедерациатә хеилак аратификациа азнауит иԥсхьаз атәанчаҩцәа шыԥсыз атәы зымҳәаз рыуацәа ироуаз атәанчахәқәа Аԥсны иархынҳәырц зҳәо Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа.
Аилыркаагаҿы ишаҳәо ала, 2015 шықәса инаркны 2022 шықәса рашәара 30 рҟынӡа Аԥсны ииашамкәан иргаз урыстәылатәи атәанчахәқәеи ахарҭәааратә шәарақәеи идыртәеит 24,3 миллион мааҭ (19,6 миллион мааҭ атәанчахәи 4,7 миллион мааҭ ахарҭәаагақәеи).
Уи адагьы, аиҭакрақәа рылагалоуп аҩтәылак еиҭнырԥсахло имаӡоу аинформациа ашьаҭаркразы, иара убас аҳәаа аидара ԥырхагада ахыгаразы, иара убас Аԥсныҟа атәанчахәы азҵаарақәа рзы инеиуа урыстәылатәи аҟазауаа рнеираан урҭ ашәахтәшәара рхыхра алыршаразы ахыдҵақәа рынагӡара иазку аиқәшаҳаҭра ахәҭақәа.