Аԥсны

Афонд "Кьараз" адгыларазы агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа

Агәыҳалалратә хәылԥазы хықәкыс иаман зылшарақәа ԥку, адиагноз ззықәыргылам, аҳақьымцәа рыцхыраара зҭаху ахәыҷқәа рыцхрааразы аԥареизгара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа хәажәкыра 29 рзы.
Аԥара аизгаразы еиҿкааз ахәылԥаз аан имҩаԥган аукцион, уи аан еизаз иддырхәҳауан аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи аҟазацәеи русумҭақәа. Иара убас имҩаԥган алотереиа, уи аҟны иаиааиз аршаҳаҭгақәа роуан еиуеиԥшым амаҵзурақәеи ма атауар аахәареи рзы алшара рызҭоз.
Асасцәа ирзеиҿкаан аконцерттә программа, икәашеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
1 / 10

Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа

2 / 10

3 / 10

4 / 10

5 / 10

6 / 10

7 / 10

8 / 10

9 / 10

10 / 10

Акциа аиҿкааҩ Светлана Габуниа лажәақәа рыла, еизыргаз аԥара "Кьараз" асоциалтә программақәеи Очамчыратәи ареабилитациатә центр "ОДЮ" аҭахрақәеи ирзырхахоит. Ацентр 66-ҩык ахәыҷқәа ирхылаԥшуеит, урҭ рыбжьара иҟоуп ақыҭахәыҷқәагьы, лассы-лассы ирхаҵгыло дахьрымами атранспорттә уадаҩрақәеи ирыхҟьаны ацхыраара ианаамҭоу иахьырмоуа азы.
"Ҳара иаҳҭахын арҭ рҩызцәа агәыҳалалратә концертқәа традициахар, ҳуаажәларра азҿлымҳаханы еиҳа лассы-лассы аиԥш зеиԥшу мҩаԥыргалар", - лҳәеит лара.
Благотворительный вечер в поддержку подопечных фонда "Киараз" и Очамчырского реабилитационного центра
Апроект нагӡахоит ҩ-хәҭакны - зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭагылазаашьа аҭҵааразы аҳақьымцәа радԥхьалара, рыбаҩ арҵәра, ашколтә программа иагхаз ахәыҷқәа рыцхраара. Абри азы афонд иаанаԥхьалоит апсихологцәа, анеиропсихологцәа, адефектологцәа, алогопедцәа, ахәаҩцәа́ (амассажҟаҵаҩцәа).
Аԥсны
Дасу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит