АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа "Харада ахара зыдҵоу", "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" рӡыргара мҩаԥысит хәажәкыра 28 рзы.
Аӡыргара мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Ари аҭыԥ аҿы ауп 1937 шықәсазы 13-ҩык аԥсуа интеллигенциеи аполитикцәеи рганахьала аусӡбара ахьымҩаԥысыз.
Аԥсуа драматә театр артистцәа аӡыргара аартхаанӡа арҭ аамҭақәа ирызкыз ақәыргыламҭа ддырбеит.
Автор Екатерина Бебиаԥҳа илҳәеит лышәҟәқәа рҭыҵра харада ахара зыдҵаз ауаа рыхьӡқәа рыриашара иазкны ишылбо.
"Арҭ ауаа рыӡбахә зегьы ирдыруазароуп. Уи ҳара иаҳуалԥшьоуп. Абиԥарақәа еимырдалароуп иҭахаз рыхьыӡқәа", - лҳәеит Бебиаԥҳа.
Ашәҟәқәа рызкуп Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟны аамҭа цәгьақәа рзы - ХХ ашәышықәса 30-40 ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵан идырӡыз ауаа.
"Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ашәҟәы аҟны быжь-қыҭак - Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Ӷәада, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда рҟынтәи 300-ҩык инарзынаԥшуа рыӡбахәқәа еиҭаҳәоуп. Автор 40 шықәса инарзынаԥшуа аинформациа еизылгон.
Аӡыргара иалахәын аполитикцәа, аҵарауаа, ирӡыз рҭынхацәа, арҭ ақыҭақәа рхаҭарнакцәа.