Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахашҭраҟынтә анаӡаӡатәрахь: Аԥсны иҭыҵуеит аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызку ашәҟәы

© Foto / Катя Бебия Книга Кати Бебия "Из забвения - в бессмертие"
Книга Кати Бебия Из забвения - в бессмертие - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.12.2022
Анапаҵаҩра
Екатерина Бебиа лышәҟәы "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡатәрахь" ("Из забвения – в бессмертие"-аред.) асериа "Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз" аҩбатәи ҭыжьымҭоуп.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik. Екатерина Бебиаԥҳа иҭыҵраны иҟоу лышәҟә ҿыц "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡатәрахь" рызкуп аҩажәатәи ашәышықәса 30-40-тәи ашықәсқәа рзы харада ахара зыдҵаны аполитикатә репрессиақәа раан идырӡыз ақыҭақәа Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада руааԥсыра.
Харада ахара зыдҵаны идырӡыз ирызкны аматериал автор аизгара далагеит Аԥсуа радио аҿы апрактика данахысуаз. Урҭ аматериалқәа ашәҟәы шьаҭас иазыҟалеит.
Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц Из забвения в бессмертие иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2022
Арадио
Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Из забвения в бессмертие" иазкны: 40 шықәсатәи сус ауп
"Ашәҟәаҿы еизгоуп иуникалу архивтә документқәа. Шамил Хусеин-иԥа Ԥлиа (Аԥсуа телерадиоеилахәыра уаанӡатәи анапхгаҩы) ибзоурала СССР АШәЕ архив аҿы астудентцәа аус аауан. Иахьатәи сархив аҿы иҟоуп усҟан иҟасҵаз анҵамҭақәа, ареспублика араионқәа рахь ҳанныҟәоз иазгәасҭақәоз", - еиҭалҳәоит Екатерина Бебиаԥҳа.
"Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз" актәи аҭыжьымҭаҿ еизгоуп Лыхны ақыҭа иатәу 187-ҩык ауааԥсыра рҭоурыхқәа ҳәа лҳәоит автор.
Ашәҟәы урыс бызшәала иҭыжьхоит, уи аҟны рыӡбахә ҳәоуп 282-ҩык ауаа, 662 даҟьа ыҟоуп, атираж 500 екземплиар рыла ишьақәгылоуп. Ашәҟәы "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡатәрахь" аҭыжьраан адгылара анаҭеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.
Екатерина Бебиаԥҳа - еицырдыруа аԥсуа журналист, апублицист, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәии Ҟәбантәии аҳәынҭқарратә университетқәа рпрофессор, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәыла, 1992-1993 шш. рзы агәымшәареи апрофессионаллеи раарԥшразы амедал "Агәымшәараз" ланашьоуп, аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ланашьоуп.
ХХ ашәышықәа 30-40-тәи ашықәсқәа раан арепрессиақәа ирыҵаркит быжьнызқьҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра. Урҭ рсиаҿ аиҳараҩык 20-35 шықәса зхыҵуаз роуп иарбо.
Памятник жертвам политический репрессий.Фото с места события. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2021
Аԥсны
Аполитика хәымга иаҿахәхаз: Аԥсны иазгәарҭоит сталинтәи арепрессиақәа ирылаӡыз рымш
Ажәабжьқәа зегьы
0