Аԥсны

Гагра аӡыҭгагатә станциа иаиуз аԥхасҭа аамҭа кьаҿла иаԥыххоит

Гагра ахәҭак ӡыла еиқәзыршәо аӡыҭгагатә станциа №2 аусура еиҭаладыргоит хәажәкыра 29 ахәылбыҽха, афымцамч азхо ишааҟалалак.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Афымцатә ҳаҿы амчхара ахьмаҷыз азы астанциа "Репруа-2" аҿы аӡыҭгага ԥхасҭахеит, уи иахьатәи амш иалагӡаны аҭыԥ иқәҵахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагратәи аӡыканал аиҳабы Фома Агрба.
Иара иажәақәа рыла, жәамш ирықәуп ажәытә Гагра инаркны абжьаратә школ №2 аҟынӡа инхо ауааԥсыра аӡы рымамижьҭеи.
"Урыстәылантәи афымцамч Аԥсныҟа аашьҭра анаанкылаха ашьҭахь астанциаҿ амотор тҟәацит, аӡыҭгага ԥхасҭахеит. Урҭ рыԥшаара уадаҩуп. Краснодар иааҳхәар акәхеит. Иахьа амотор ааргеит. Иқәҳаргылоит. Амчыбжь аҩнуҵҟа аӡыҭгагагьы аагахоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Агрба ишиҳәаз ала, иахьа иалагӡаны амотор ықәдыргылоит, ауааԥсыра аӡы рзынашьҭхоит.
"Ҳгәыӷуеит афымцамч ахаҭабзиара ҳаракхап ҳәа. Афымцамч амчхара ахьылаҟәу азы амоторқәа аус ҳаздыруӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Гагра араион абиуџьет аҟынтәи аматор аахәара иазоужьын 700 нызқьмааҭ, аӡыҭгага ҿыц аахәарагьы иаҭаххоит 600 нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара.
Аԥсны
Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭеихшанҵа еиҭакуп