Арыжәтә џьбареи аццакреи: Аԥсны амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәара иазкны

Sputnik
Аԥсны Апарламент хәажәкыра 23 рзы иаднакылаз амҩатә ԥҟарақәа рырӷәӷәаразы азакәан инақәыршәаны, уажәшьҭарнахыс арыжәтә џьбара ыжәны аԥсҟы зкыз 30 нызқь мааҭ дыршәахоит. Ари азакәан аларгалеижьҭеи алҵшәа аанарԥшхьоума, ишԥанарыгӡои уи аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, Аԥсны иаҭаауа асасцәа рганахьала русушьа шыҟоу уҳәа ртәы арадио Sputnik астудиаҿы иалацәажәеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Родик Базбеи Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Беслан Емырхәбеи.