Аԥсны

Башкортосҭан ахада аофициалла Аԥсны даҭааит

Башкортосҭантәи аделегациа аофициалла Аԥсны иҟазаауеит хәажәкыра 30 инаркны мшаԥымза 2 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Ради Хабиров зхадараҿы дыҟоу Башкортосҭантәи аделегациа аофициалла Аԥсны иаҭааит аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини аделегациа ирԥылеит аԥсуа- аурыс ҳәааҟны.
Иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниеи Ради Хабирови реиԥылара, Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гәылрыԥшьи, Очамчыреи рраионқәа рҭаара, Башкортосҭан иамоу ахәҳаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи лшарақәа рӡыргара, иара убасгьы аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аофициалла Уфа дыҟан иаҳхысыз ашықәс рашәарамзазы.
Аԥсны
Бжьаниа Уфатәи амоторҟаҵаратә наплакы аусушьа идырбеит