Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Уфатәи амоторҟаҵаратә наплакы аусушьа идырбеит

© Foto / пресс - служба Президента РА Президент Республики Абхазия Аслан Бжания и Премьер-министр Правительства Башкортостана Андрей Назаров
Президент Республики Абхазия Аслан Бжания и Премьер-министр Правительства Башкортостана Андрей Назаров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкортосҭан рыҟазаара хыркәшахоит ԥхынгәы 15 азы.
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назарови Уфатәи аматорҟаҵаратә наплакы иаҭааит.
Аԥснытәи аделегациа иддырбеит аверталиотқәа рыхәҭақәа рҭыжьразы ааглыхра-технологиатә центр аусура. Ари иахьазы еиҳа иҿыцу ааглыхроуп. Ацентр аҿы аус руеит 800-ҩык инарыцны аусзуҩцәа, 300 уасҭага рҟны.
Аслан Бжания и Радий Хабиров в Центре Управления республикой Башкортостан - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр даҭааит
"Уфатәи аматорҟаҵаратә наплакы аҭоурых ду змоу, акрызҵазку иуникалу наплакуп. Амашьынаҟаҵара аусхк аҿы аԥышәа ду амоуп", - асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Назаров.
Иара иазгәеиҭеит анаплакаҿы аҿар аус шыруа, урҭ уфатәи аҵараиурҭақәа ишроушьҭымҭацәоу
Анаҩс аделегациа авиациарныҟәагақәа ахьԥыршәои авиациарныҟәага ахәҭақәа ахьеизыркуа ауасҭарҭақәа рахь инеит.
Бжьаниа ара иибаз ахә ҳаракны ишьеит.
"Аинтерес ду аҵоуп азауад абара, авиациатә рныҟәагақәа ахьыҭрыжьуа лабҿаба ахәаԥшра. Ааглыхратә уасҭарҭақәа санырҭаа ашьҭахь, сара аҽазныкгьы агәра згеит, Аԥсни Урыстәылеи ҳанеицу- уаҩ дшаҳзымиааиуа", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Иара иажәақәа рыла Аԥсны азыхиоуп еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны Башкортосҭан аус ацура.
Аслан Бжьаниа аекскурсиа ашьҭахь ҳамҭас ирҭеит азауад аҟны еидыркыло аҳаирплан Су-35 ақәҭых маҷ. Ахада уи иусурҭатә уадаҿ ишықәиргыло атәы иҳәеит.
Абхазская делегация возложила цветы к Монументу Дружбы и Памятнику Салавата Юлаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Аԥсны
Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа
Ажәабжьқәа зегьы
0