Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра аполитикцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит апандемиа иаламхәаахәҭларц

COVID-19 аҿагыларатә уснагӡатәқәа ирзоужьын миллиард мааҭ инеиҳаны ахатә ԥарақәа ҳәа азгәарҭеит аминистрраҟны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аполитикцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит акоронавирус апандемиа иаламхәаахәҭларц.
Аԥсны
Жәларбжьаратәи ашәарҭарақәеи аҩнуҵҟатәи аилибамкаарақәеи: Жәлар рфорум аҿы излацәажәоз
Аусбарҭа иазгәанаҭеит, аполитикатә партиа Жәлар рфорум аизара ду аҟны ажәахә ҟазҵоз Аслан Барцыц иҳәеит, аковидҿагыларатә аԥкрақәа раԥыхра 1000-ҩык рҟынӡа атәылауаа рҭахарахьы икылнагеит ҳәа.
Аминистрраҿы иазгәаҭан апандемиаамҭан рыԥсҭазаара ишалҵыз 696-ҩык.

"Уахи-ҽни ҳауаажәлар рыԥсҭазаарақәа ирзықәԥон аҳақьымцәа, аиҵбыратә медицинатә усзуҩцәа, апрофильтә усбараҭқәа рнапхгаҩцәа. Дарбанызаалак иҭахара рыцҳара дууп ҳауаажәларр рзы", - азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭа агәаанагарала, иара усгьы "угәы узырхьуа аԥсҭбаратә хыԥхьаӡара аполитикатә хықәкқәа рзы ацҵара ламысдароуп".
"Аполитикцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рахь аҳәара ҟаҳҵоит иҭҵаам афактқәа ирыламцәажәаларц, агәабзиарахьчара аусхк аҟны астатистикатә рбагақәа рҭахны иҟазар Агәабзиарахьчара аминистрра иадҵааларц", - рҳәеит аусбарҭаҟны.