Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәларбжьаратәи ашәарҭарақәеи аҩнуҵҟатәи аилибамкаарақәеи: Жәлар рфорум аҿы излацәажәоз

© Sputnik / Томас Тхайцук Съезд политической партии "Форум народного единства Абхазии"
Съезд политической партии Форум народного единства Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2023
Анапаҵаҩра
Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа хәажәкыра 29 рзы.
Апартиа алахәылацәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә усхкқәа рҟны Аԥсны иҟоу актуалтә проблемақәа ирызкны, ирыдыркылеит арезолиуциа, ишьақәдырӷәӷәеит аполитхеилак алахәылацәа, ахантәаҩы ихаҭыԥуаа ҿыцқәа алырхит.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Ажәа анамыгӡареи амчқәа реидҵареи

Аизара ду ааиртит апартиа ахантәаҩы Аслан Барцыц. Иара еизаз иргәалаиршәеит "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" есымша Аԥсназы ишәарҭаз аҭагылазаашьақәа ишрықәҿырҭуаз. Иахьатәи Аԥсны аиҳабыра ауаажәлар ргәы змырҭынчша ашьаҿақәа ҟарҵоит ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Барцыц иажәақәа рыла, абар ԥшьышықәса ҵит атәыла анапхгара мап шацәыркуа ҳидеиа хада - ҳхьыԥшымра хыҵхырҭас иамоу амилаҭ-хақәиҭратә мҩеи аконституциатә шьаҭақәа рыламкьысреи.
"Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" ахантәаҩы ҿыӷәӷәала иҳәоит иахьатәи Аԥсны анапхгара ишырҭаху аолигархиатә авторитартә мчра шьақәдыргыларц, Аконституциа аԥҟарақәа шеиларго, уи адагьы, алхрақәа раан ауаа зықәдыргәыӷуаз акгьы шыҟарымҵо, афымцамч аусхк аҟны иҟоу апроблемақәа шырмыӡбо, акоронавирус аналаҵәоз ицәырҵыз ауадаҩрақәа ишырзымиааиз, убри аан атәылауаа идырҳауа аԥара ишагхаз, убри аан афымцалашареи абылтәи рыхәқәа ишрыцлаз, жәларбжьаратәи ашәарҭарақәа рықәҿыҭра шрылымшо.
Съезд политической партии Форум народного единства Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2023
Аԥсны
Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа
Апартиа "Аԥсуа милаҭтә еиҿкаара" ахаҭарнак Лаша Шамба иазгәеиҭеит адунеи аҿы ицәырҵуа ашәарҭарақәа раан ишаҭаху аидгылара, зыҩаӡара ҳараку аҿиарамҩахь ишиастәу.

Адемократиа ашьаҭақәа

Аизараҿы дықәгылеит Аԥсны уаанӡатәи ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы иҿио агеополитикатә хҭысқәа раан Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп, аха убри аан ҳхьыԥшымра аҵакы лаҳмырҟәыроуп, амилаҭтә интересқәа раԥхьа иҳаргылароуп.
"Урыстәыла ҳагәра ганы иҳацхраауанаҵы, иҳалшароуп ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа рырӷәӷәара. Абри инадҳәаланы иазгәасҭарц сҭахуп - ԥсахрак рмоуроуп ҳ-Конституциаҿы иарбоу аԥҟара хадақәа - ҳадгьыл, ҳбызшәа, ҳастатус", - иҳәеит иара.
Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара алшара анҳау нахыс ҳашрықәныҟәо адемократиатә принципқәа, убри азы аполитикатә процесс аҿы ицәырымҵыр залшо еиуеиԥшым азнеишьақәа, аимак-аиҿакқәа ҳәа.
"Аҳәынҭқарра аиҳабыреи аоппозициеи реиҿагылара ианакәызаалакгьы изызку аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә ҭагылазаашьақәа рырцыхцыхра ауп. Хымԥада, арҭ амчрақәа рыбжьара зҵаарақәак рҿы рҳәоу еизааигәахар алшоит, аха дара рполитикатә дунеихәаԥшышьа ианакәызаалакгьы изеиқәшәаӡом. Аоппозициа еснагь иазыхиазароуп аҳәынҭқаррахь анеира, убри азы аоппозициа аҩнуҵҟа иҟазароуп аидыгалара, аҳәоуеиқәшәара, аизыӡырыҩра. Аиҳабыра рҿаԥхьа иқәшәыргыло азҵаарақәа ирымазароуп ҳауаажәлар рыдгылара, рыжәҩахыр. Ажәлар рхьаа шәара ишәхьаазароуп", - иҳәеит иара.
"Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" Аизара ду аҟны аполитхеилак ахь иалхын 21-ҩык, ишьақәырӷәӷәан ахантәаҩы ихаҭыԥуаа – Ҳаџьараҭ Ҳаџьымбеи Даур Аршбеи. Даур Аршба ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс далхуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0