Аԥсны

Еснагь Аԥсны аинтересқәа лыхьчон: Лили Бганԥҳа лгәалашәаразы

"Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистр, Аԥсны афинансқәа уаанӡатәи рминистр Лили Бганԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ахәаша хәажәкыра 31 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Лили Бганԥҳа зус здыруаз напхгаҩын, лара Аԥсни уи ажәлари рзы аџьабаа ду лбеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ахада иусбарҭа уаанӡатәи анапхгаҩы Адгәыр Лышәба.
Лышәба иазгәеиҭеит иара Бганԥҳа лнапаҵаҟа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аусура дшалагаз 1984 шықәса рзы, уи нахыс дара акырынтә еиуеиԥшым амаҵурақәа рҟны аус еицырухьан.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны автономиак аҳасабала Қырҭтәылатәи ССР ианалаз ашықәсқәа раан ахәаахәҭра аминистрс иҟаз Лили Бганԥҳа еснагь излалылшоз ала аԥсуаа рыҷкәынцәа аусура илгон.
"Хашҭра сзақәым лара напхгаҩык лаҳасабала шаҟа лус дырны, ииашаны дазнеиуаз, адҵа ақәыргылашьа дшақәшәоз, уи ишақәнагаз анагӡарагьы дазыԥшын, убри аан автономтә республика аинтересқәа лыхьчон лара лнапы ианыз аусқәа рҟны, Қырҭтәыла ахәаахәҭра аминистрреи лара дызхагылаз аминистрреи реизыҟазаашьақәа рҟны", - иҳәеит иара.
Адгәыр Лышәба ишигәалаиршәаз ала, Лили Бганԥҳа лус лҽазҵәылхны дазнеиуан, илҭахын напхгара зылҭоз досу иус ишақәнагоу инаигӡарц, лара лхаҭагьы лус ҩаӡара ҳаракыла иналыгӡон.
"Акадр ҿарацәа аӡәырҩы лара аҵара длырҵахьан, лгәы-лыԥсы зегьы урҭ рааӡара аус иадылҵон, илдыруаз зегьы длырҵон, лхатәы ҽырԥштәала идлырбон аусура шьаҭахыз, лара днапхгаҩ иашаҵәҟьан. Даара сгәы сыхьуеит иҳаҩсхьоу аамҭала лыхцәажәара, ҳтәыла лара леиԥш зус иазҟазаз, ҳаҭыр зқәыз ауаҩы дахьацәыӡыз, агәыбылҩы дахьҳаԥхаз", - иҳәеит иара.
Лили Бганԥҳа - аԥснытәи аҳәынҭқарратәи ауаажәларра-политикатәи усзуҩ. Далгеит Саратовтәи аекономикатә институт аҳасаббара-економикатә факультет "Аҳасабеилыргаҩ-аекономист" изанааҭ ала. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аус луан СССР Аҳәынҭбанк аԥснытәи Ареспубликатә усбарҭаҟны, 1972 - 1992 шықәсқәа рзы лара Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрс дыҟан, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс далырххьан.
1993 шықәса рзы лара Аԥсны афинансқәа рминистрс дҟаҵан, ари амаҵура дахагылан 2005 шықәса рҟынӡа, анаҩс аус луан Аԥснытәи аҳәынҭқаррратә университет "Афинансқәеи акредити" ркафедра арҵаҩы еиҳабыс.
Арадио
Бганԥҳа илгәалалыршәеит Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалхыз
Лили Бганԥҳа иланашьоуп Абираҟ Ҟаԥшь аорденқәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара, амедал "Аџьа аветеран".
Лара лыԥсҭазаара далҵит 86 шықәса дшырҭагылаз.
Лили Дугуж-иԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара аиҿкааразы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб идҵала иаԥҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа, уи напхгара азиуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсыжра ҟалоит мшаԥымза 3 рзы.