Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бганԥҳа илгәалалыршәеит Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дшалхыз

© Foto / предоставлено Лилией БганбаЛили Дугужевна Бганба
Лили Дугужевна Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 24, 1990 шықәсазы Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс далхын Владислав Арӡынба. Ари ахҭыс аҵакы, аԥсуаа ишрыдыркылаз арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит уи иалахәыз, Иреиҳаӡоу аилак адепутатс усҟан иҟаз, афинансқәа рминистрс иҟаз Лили Бганԥҳа.
Бганԥҳа илгәалалыршәеит Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу аилак ахантәаҩыс дшалхыз

"...Аиашазы, усҟантәи аамҭазы адепутатцәа зегьы ирацәажәахьан ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар ақырҭцәагьы мап рымкӡеит. Далҳхит еиҳабыс (Владислав Арӡынба изы-аред.), уинахысгьы еиҳабыс дҳаман, ашьҭахь иҟаз ахҭысқәа шәдыруеит. Абжьыҭара иаартны имҩаԥысуан, убасҟан аӡәык-ҩыџьак гыланы ицәажәон иҟаҳҵо иашоума ҳәа, аха иаартны мап рзымкит. Гәаԥхала зегьы иара дҟалар рҭахын ҳәа угәы иаанагартә иҟам, аха аԥсуа депутатцәа рҩызцәа ирацәажәеит, аус руит. Маӡала абжьыҭара мҩаԥысуамызт, мап рзымкит, даара дырҭахын ҳәа шәасҳәар мцуп", - лҳәеит Бганԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0