Лара иазгәалҭеит ас еиԥш арҵага шәҟәы аҭыжьра хҭыс бзианы дшаҳәаԥшуа, ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо ишыҟоу.
"Иахьа аҽазыҟаҵаратә классқәа ихымԥадатәны еиҿкаатәуп ашколқәа рҟны, мамзар ахәыҷбаҳчақәа рҿы аиҳабыратә гәыԥқәа рҟны. Урҭ раартра аҟынӡа унеиаанӡа иахәҭоу аметодикатә материалқәа рыла еиқәыршәатәуп, арҵаҩцәагьы азыҟаҵатәуп. Раԥхьатәи ҳшьаҿа ашколқәранӡатәи "Анбан" еиқәҳаршәеит аԥсуа школқәа рзы. Абызшәазы ауадаҩра злаҟоу ала ҳара ашәҟәы иаҳа иуниверсалтәны иҟаҳҵар ҳҭахын, аԥсшәа ззымдыруагьы ахәыҷқәа адҳаԥхьалар ҳҭахуп. Ари интерактивтәу нбануп, уи афырхаҵа хадас иҟоу Мышә иоуп. Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иаҳа иазааигәоуп иара (арҵага шәҟәы - азгә.). Амульфильмқәа рҿы иҟоу аперсонажқәа ҳхы иархәаны абас еиԥш "Анбан" еиқәҳаршәеит ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы, 5-6 шықәса зхыҵуа рзы", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы Анбан хҩык авторцәа еиқәдыршәеит: Ада Кәарҷелиаԥҳа, Земфира Ҵәыџьԥҳа, Ирина Қәҭелиаԥҳа.