https://sputnik-abkhazia.info/20230401/kareliaa-ashkolranati-akhya-rzy-anban-iazkny-aama-aakhraa-iryshoit-1044984568.html
Кәарҷелиаԥҳа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" иазкны: аамҭа аҭахрақәа ирықәшәоит
Кәарҷелиаԥҳа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" иазкны: аамҭа аҭахрақәа ирықәшәоит
Sputnik Аҧсны
Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" ҭыжьуп. Уи аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашәҟәы авторцәа ируаӡәку Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ... 01.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-01T18:40+0300
2023-04-01T18:40+0300
2023-04-01T18:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/01/1044985615_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_50e132794649bc372ca1ad6801247879.jpg
Кәарҷелиаԥҳа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы Анбан иазкны: аамҭа аҭахрақәа ирықәшәоит
Sputnik Аҧсны
Кәарҷелиаԥҳа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы Анбан иазкны: аамҭа аҭахрақәа ирықәшәоит
Лара иазгәалҭеит ас еиԥш арҵага шәҟәы аҭыжьра хҭыс бзианы дшаҳәаԥшуа, ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо ишыҟоу."Иахьа аҽазыҟаҵаратә классқәа ихымԥадатәны еиҿкаатәуп ашколқәа рҟны, мамзар ахәыҷбаҳчақәа рҿы аиҳабыратә гәыԥқәа рҟны. Урҭ раартра аҟынӡа унеиаанӡа иахәҭоу аметодикатә материалқәа рыла еиқәыршәатәуп, арҵаҩцәагьы азыҟаҵатәуп. Раԥхьатәи ҳшьаҿа ашколқәранӡатәи "Анбан" еиқәҳаршәеит аԥсуа школқәа рзы. Абызшәазы ауадаҩра злаҟоу ала ҳара ашәҟәы иаҳа иуниверсалтәны иҟаҳҵар ҳҭахын, аԥсшәа ззымдыруагьы ахәыҷқәа адҳаԥхьалар ҳҭахуп. Ари интерактивтәу нбануп, уи афырхаҵа хадас иҟоу Мышә иоуп. Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иаҳа иазааигәоуп иара (арҵага шәҟәы - азгә.). Амульфильмқәа рҿы иҟоу аперсонажқәа ҳхы иархәаны абас еиԥш "Анбан" еиқәҳаршәеит ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы, 5-6 шықәса зхыҵуа рзы", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы Анбан хҩык авторцәа еиқәдыршәеит: Ада Кәарҷелиаԥҳа, Земфира Ҵәыџьԥҳа, Ирина Қәҭелиаԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/01/1044985615_261:0:2992:2048_1920x0_80_0_0_876a08123171b5fa49cbb5ee8807c71b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Кәарҷелиаԥҳа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" иазкны: аамҭа аҭахрақәа ирықәшәоит
Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" ҭыжьуп. Уи аҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашәҟәы авторцәа ируаӡәку Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ас еиԥш арҵага шәҟәы аҭыжьра хҭыс бзианы дшаҳәаԥшуа, ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы "Анбан" аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо ишыҟоу.
"Иахьа аҽазыҟаҵаратә классқәа ихымԥадатәны еиҿкаатәуп ашколқәа рҟны, мамзар ахәыҷбаҳчақәа рҿы аиҳабыратә гәыԥқәа рҟны. Урҭ раартра аҟынӡа унеиаанӡа иахәҭоу аметодикатә материалқәа рыла еиқәыршәатәуп, арҵаҩцәагьы азыҟаҵатәуп. Раԥхьатәи ҳшьаҿа ашколқәранӡатәи "Анбан" еиқәҳаршәеит аԥсуа школқәа рзы. Абызшәазы ауадаҩра злаҟоу ала ҳара ашәҟәы иаҳа иуниверсалтәны иҟаҳҵар ҳҭахын, аԥсшәа ззымдыруагьы ахәыҷқәа адҳаԥхьалар ҳҭахуп. Ари интерактивтәу нбануп, уи афырхаҵа хадас иҟоу Мышә иоуп. Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иаҳа иазааигәоуп иара (арҵага шәҟәы - азгә.). Амульфильмқәа рҿы иҟоу аперсонажқәа ҳхы иархәаны абас еиԥш "Анбан" еиқәҳаршәеит ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы, 5-6 шықәса зхыҵуа рзы", - лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы Анбан хҩык авторцәа еиқәдыршәеит: Ада Кәарҷелиаԥҳа, Земфира Ҵәыџьԥҳа, Ирина Қәҭелиаԥҳа.